Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа: ахәыҷқәа рзы аныҳәа аиҿкаара агәахәара ду ацуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш аҽны афонд еиҿнакаауа "Ахәыҷра аныҳәа" захьӡу акциеи агәыҳалалратә лотереиеи ртәы.
"Хра злоу ахҭысқәа": Џьынџьалԥҳа ахәыҷқәа рыхьчара амш азы имҩаԥгахо акциақәа ирызкны

"Ус имариам иахьатәи аамҭазы ахәыҷы ихәышәтәразы аԥара аизгара, убри аҟнытә мааҭк акәзаргьы акциақәа рҟынтә иаҳзалхыр, ҳара ҳзы уи цхыраагӡа дуухоит. Аԥара адагьы, ҳара ҳзы гәахәара дууп ахәыҷқәа аныҳәа рзеиҿқааара. Аныҳәа иалахәхоит згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәагьы, дара уи акырӡа иазыԥшуп", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0