Амаршьан: егьырҭ аҳәынҭқаррақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ишадгыло агәра згоит

© Sputnik Томас ТхайцукШараф Маршан
Шараф Маршан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаҩ Шьараф Амаршьан ажурналист Сырма Ашәԥҳа даниҿцәажәоз иҳәеит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иадгылап ҳәа агәыӷра шимо.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы инхо Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа рхыԥхьаӡара маҷым. Аԥсуаа рахьтә акәзар иуԥылоит, акыр шықәса раахыс ари аҳәынҭқарра амаҵ азызуа аполитикатә, ауаажәларратә усзуҩцәа. Урҭ иреиоуп аишьцәа Маршьанаа: Мамдыхә, Шьараф, Уалид.

Маамун Маан - Sputnik Аҧсны
Маамун Маан: зегьы ирыцку сыхшареи сареи ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

Дара рабду иоуп Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз. Ҩыџьа аишьцәеи ҩыџьа аиҳәшьцәеи иман. Руаӡәк Ҭырқәтәыла даанхеит, егьырҭ Шьамтәылаҟа иагеит. Уа иахьнанагаз, Кавказ ажәларқәа зегьы реиԥш, рҭагылазаашьа уадаҩхеит, аха ишакәхалакгьы ахеиқәырхара иашьҭалеит.

Маршьанаа рҭаацәа, Шьамтәыла ианынхоз аԥсыуак излаиаҭәо ала рхы ныҟәыргон, рыԥсадгьыл ахь рылаԥш хан еснагь. Ибзианы еилыркаауеит, рабдуцәа зықәшәаз арыцҳара иахҟьаны, ԥсадгьылда атәым дгьыл ақәынхара иамоу аҵакы.

"Аԥсуаа хҵәаны раԥхьа Сириаҟа ианнанага, рынхарҭа ҭыԥ цәгьан, иӡҭачыран. Изықәшәаз ачымазара бааԥсқәа ирхырҟьаны, рыԥсҭазаара иалҵуа иалагеит. Анаҩс, еиҳа иахьыҳаракыраз ашьхарақәа рахь ихалеит. Убас, 1967 шықәсанӡа инхон Голлантәи аҳаракырақәа рҿы. Кавказ ажәларқәа зегьы ҭоурыхтә лахьынҵак еиднакылоит, патуеиқәҵарала еизнеиуеит", — ҳәа азгәеиҭоит Шьараф Маршьан.

1967 шықәса рзы Израиль Шьамтәыла излагаз аибашьра иахҟьаны, Голлантәи аҳаракырақәа рҟны инхоз зегьы, Дамаскҟа илымбаар ада ԥсыхәа ҟамлеит. Уи ҩаԥхьа аҩбатәи мҳаџьыррахеит уа инхоз ҳџьынџьуаа зегьы рзы. Арҭ ахҭысқәа зегьы ахьаа цәгьа зцу гәалашәарақәаны иаанхоит. Аишьцәа Маршьанаа рыла, уа инхо ажәлар, имаҷым Аԥсназы ирдыруа ажәабжьқәа.

Аҟәа ақалақь Анацәа рхеидкыла ахаҭарнакцәа Аҷандара ақыҭа ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Ан лхьаа: ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит

Уалид Амаршьан, Шьамтәылатәи ашәарҭадаратә маҵзураҿы аус иуан, ԥхьатәара ицаз еинралын. Акыр иџьабаа рацәоуп Шьамтәылатәи Ареспублика ашьақәгылараҿы, амаҵ аураҿы. Ааигәа, ихьыз ачымазара бааԥс иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Зыԥсҭазаара иалҵхьоу Мамдуху Амаршьан, Шьамтәылатәи арратә ҳаиртә мчраҿы аус иуан, даара агәымшәара злаз уаҩын. Израиль даҿагыланы аибашьраҿы ахаҵарақәа ааирԥшхьан. 30 шықәса инарзынаԥшуа, Шьамтәылатәи Ареспублика ахадас иҟаз Хафез Аль Ассади иареи еиҩызцәан. Мамдуху дҭархан ахаиртә мчрақәа рыштаб хада аҟны имҩаԥгаз атерракт иахҟьаны. Иара ианрал-леитенантын, данҭаха ашьҭахь, аинрал-полковник ҳәа ахьӡ ихҵан. Мамдуху Абазеи, Дырмит Гәлиеи, Москва ақалақь аҿы еибабахьан, ҳамҭасгьы ииҭахьан араӡынтә ҭаҭыныжәга.

Шьараф Амаршьан иакәзар, зыхдырра ҳараку, зажәеи зуси акрыԥхылнадо аԥсыуоуп. Иара Шьамтәылатәи апарламент аҿы хынтә депутатс далырххьан, инеиԥынкыланы 12 шықәса апарламент аҿы аус иухьан. Иахьа, ҭаацәала дынхоит Аԥсны.

"Сара, уажәшьҭа фышықәсоуп Аԥсны сынхоижьҭеи. Ԥсадгьылда атәым дгьыл ақәынхара еицәоу ԥсҭазаара ыҟаӡам. Ҳаиҳабацәа иаҳзынрыжьыз агәнаҳа ҳаҵалар акәхеит. Ашьра ҟазҵо ауаҩы ахара идырҵоит, уи ала иқәнага дақәдыршәоит. Сызҵымҵра ауал саҵазшәа схы збон Аԥсныҟа схынҳәаанӡа", — дҳацәажәон Шьараф Амаршьан.

Шьараф Амаршьан, Шьамтәыла инхоз ҳадиаспора еидызкылоз ахеилак акыр шықәса еиҳабыс даман. Иара иԥшәма ԥхәыс дадыгоуп. Лыхшара, аԥсуареи аԥсадгьыл агәыбылреи рылаҵаны илааӡон. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит, иахьа Аԥсныҟа ҳәа нхара рыхынҳәра.

2007 шықәса рзы, Шьамтәыла, хаҭала сырҭаахьан арҭ аҭаацәара. Усҟан акыр иџьасшьеит Шьараф иԥа Маршьан ихьӡны иансаҳа.

Исгәалашәоит, "Избан ус зихьӡузеи?"- ҳәа иан санлазҵаа, ҳара ҳажәла Сириа, Абаза ҳәа иҟоуп, знык ауаҩы ижәла аницәыӡ, иаргьы дыӡуеит, аԥхьаҟа зеиԥш ҟамло егьыҟам, убри ҳазхәыцны, Маршьан ҳәа ихьӡаҳҵеит. Исҭахәуп сыхшара рыԥсадгьыл аҿы инхарц, саргьы уа гарашәак сҳәарц", — лҳәеит Есмаҳан Ҭлиаԥсарыҟәа 11 шықәса раԥхьа санлыҿцәажәоз.

Абхазская сотня. - Sputnik Аҧсны
Аҭоурых зҵалатәу - аҭоурых удырырц азы акәӡам

Издыруадаз, усҟан Есмаҳан лгәыӷрақәа шеицамкуаз. Анцәа иџьшьаны, лыҷкәын Маршьан иԥшәма ԥҳәыси, ихәыҷкәеи, иани, иаби зегьы рџьынџь дгьыл иазыхынҳәит, фышықәса раахыс араҟа рыԥсҭазаара мҩасуеит.

Шықәсқәак раԥхьа, Шьамтәыла иҟалаз аибашьра иахҟьаны, рҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааит уа инхоз аԥсуаа маҷымкәа. Аԥсынтәыла акәзар, еснагь иазҿлымҳан, иазҿлымҳауп иахьагьы, уа имҩаԥысуа ахҭысқәа. Акыр узеигәырӷьаәша хҭысны иҟалеит, лаҵармз 29 рзы, Шьамтәылатәи Арабтә Республика, Аԥсны ахьыԥшымра ахьазханаҵаз.

Ҳзыҿцәажәоз Шьараф Амаршьан, ари ахҭыс азы ихатә гәаанагара имоуп.

"Ҳара ҳхы ҳдыруа ҳаныҟалаз инаркны, ҳахьынхоз атәым дгьыл аҿы, Аԥсны ахьӡ аҭгара ҳашьҭан. Хымԥада, ҳаԥсадгьыл ахь ҳалаԥш хан. Ҳахьынхоз аҳәынҭқарраҿы патула иҳазныҟәон. Акыр агәахәа ду алаҳхит, Сириатәи Ареспублика ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра ахьазханаҵаз. Агәра ганы сыҟоуп аофициалла аҩҳәынҭқаррак ирыбжьалаз адипломатиатә еизыҟазаашьа аԥхьаҟа алҵшәа иҵегьы ишаиуа", — ҳәа азгәеиҭеит Шьараф Амаршьан.

Шьараф агәыӷра ааирԥшуеит, егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ишадгыло.

"Даара исҭахәуп Ирани Ираки ас еиԥш аус иадгыларц. Сириа иҟоу рыцҳаражәҳәарҭақәа рҟны ҳаиқәшәахьеит, ҳаицәажәахьеит. Сириа иҟанаҵаз аус дара рзы иҿырԥшхарц агәаҳәара сымоуп", — иҳәеит Шьараф Амаршьан.

Шьамтәылеи Аԥсны зыхьӡ нагоу Шьараф Амаршьан, дазгәыдуны иазгәеиҭеит, уа инхоз аԥсуа-адыга диаспора ари амш ныҳәа даара гәырӷьарыла ишазнеиз, насгьы аполитикеи, аекономикеи, адипломатиатә еизыҟазаашьақәеи реимадаразы акыр ишыцхыраагӡахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0