Аҭоурых зҵалатәу - аҭоурых удырырц азы акәӡам

Абхазская сотня.
Абхазская сотня. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
25-шықәса ирылагӡаны Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы иалшази, ҳџьынџьуаа атәым дгьылаҿ ахеиқәырхра шрылшази, араатәи аԥсҭазаара иашьцыларц ҳашрыцхраашеи рзы лгәаанагара лҳәоит Cветлана Ладариаԥҳа.

Светлана Ладариаԥҳа, Sputnik

"Уӷьацааит" иреиҳаз ныҳәаразар, "ухҵәааит" аԥсуаа рзы иреицәаз шәиран. Аха аԥсҭазаараҿы реиҳа узыцәшәо ауп иудаапкыло, зыҽудызҳәало.

1864 шықәса рзы аԥсуаа ирзыҟалеит раԥхьатәи амҳаџьырра. Нас, 1867 шықәса рзы, иҭацәит Дал, Ҵабал. Аӡәызаҵәыкгьы днымхакәа иахыҵит. 1877 шықәса рзы иаанхазгьы урҭ инарышьҭалеит. 400-500 нызқьҩык рҟынӡа рыԥсадгьыл иахыган ӡра-ԥсра амшын ихҵан. Ашықәсқәа еихаларгьы арҭ амшқәа хашҭра рықәымзароуп.

Аҭоурых зҵалатәу аҭоурых удырырц азы акәӡам. Аҭоурых уҵароуп угха еиҭахгьы иҟаумҵарцаз.

Атәым жәҩан иԥсаҟьаны иаҵарԥсаз ҳажәлар еихшахеит, еиуеиԥшым атәылақәа рахь иагеит. Мрагылара ааигәа атәылақәа: Шьамтәыла, Иорданиа, Балкантәи атәылақәа, нас, нас – Европатәи атәылақәа рахь иқәнагалеит. Аиҳарак рҽеидкыланы инхо иалагеит Ҭырқәтәыла. Уахи-ҽни зыԥсадгьыл еиԥхыӡуаз ашьха ԥагьақәа рԥацәеи рыԥҳацәеи рыԥхыӡ лабҿабамхаӡакәа иниасны ицон. Абиԥарақәа рҽеимырдон. Зынарцәымҩа иқәлоз аԥхьатәи амҳаџьырқәа ргәы инықәрыԥсон рыԥсадгьыл аҟынтәи ианцоз ишьҭырхыз рнышәнапқәа – рыԥсадгьыл аҟәырҷаха.

Атәым жәҩан, атәым уаа, атәым закәанқәа, аҵасқәа, ақьабызқәа рыдкылара уадаҩын. Имариаз урҭ рылаӡҩара акәын. Аха анцәа иџьшьаны урҭ реиҳараҩык ирылдыршеит ахеиқәырхара. Иҟалап уи ахеиқәырхара иахҭнырҵазар иҭәы-иԥха тәымџьара аҟазаара.

День памяти жертв Кавказской войны. - Sputnik Аҧсны
Инџьгьиа: Кавказ ажәларқәа хатәгәаԥхарала рыдгьылқәа нырмыжьит

Ицон аамҭақәа еишьҭаланы. Рҽырыԥсахуан. Амшын нырцәынтәи ашьыжь-мра иаҵагыланы зҭоурых ԥсадгьыл ахь ааԥшрада аҽак зқәашьмыз ҳажәлар ироуа иалагеит амра-ҟәырҷаха еиԥшыз лшарақәак. Еихьышәшәа-еиԥышәшәа арахь иаауа иалагеит урҭ рхаҭарнакцәа. Урҭ рышьҭахьҟа ианыгьыжьуаз уа ирзыԥшыз рыжәлар ирызнаргоз ажәабжь аӡышхәа еиԥшын, лакә-ссирк ирзаҩызан.

Аԥсадгьыл абзиабара аҽа бзиабарак иаламҩашьозар акәхап. Аихеи аԥсынгьырии ирыбжьакыз ажәлар ирылшеит ашәышықәсақәа ирылырхәхәа уи абзиабара мырцәакәа аагӡара, абызшәа аиқәырхара.

Бзиара нагӡа ыҟаӡам. Ҳаԥсҭазаара еиӷьхоны, ҳаинырра аҽарҭбаауаны ианаалагоз Аԥсны амцақьоуқьад ҩықәлеит. Абри ажәабжь-шәаџь адунеи ишахыҩызҵәҟьа, иҿыхеит ак иннамкылоз ахдырра, иҿыхеит ашьа, иҿыхеит аԥсадгьыл абзиабара. Аԥсныҟа амҩа иқәлеит уаанӡа иара асахьаҿ ада изымбацыз аԥсуаа. Иааит. Абџьар шьҭырхит. Еибашьит. Аԥсадгьыл ахы иақәиҭыртәит. Иҟоуп наӡаӡа зхы ақәызҵазгьы.

Аԥсны зых иақәиҭу ҳәынҭқарраны ашьаӡа-гәаӡа илҵит. Ихацыркхеит аԥсҭазаара ҿыц. Уи аҿыцныҟәа иеиԥш ашьаҿақәа ссазаргьы, изнылаз амҩа иацәхьаҵуамызт. Зшьа-здаҿы Аԥсны иреиҳау нцәахәны изларааӡахьаз аԥсуаа еихьышәшәа-еиԥышәшәа арахь амҩа иқәлеит. Абраҟа иӷьацарцаз. Рымцахә еиҭеиҵырхырц. Рабацәа-рабдуцәа анышә иахьамоу рыԥсқәа ҭынчхарц.

Урҭ ара ирԥылоз рҟынтә ирацәаҩын згәырӷьара ҳәаа амамыз. Аха иҟан зегь ззеиԥшны адәы иқәызгьы. Иҟалеит згәалашәарагьы аԥхашьара ду ацу ахҭысқәа: ақәыларақәа, арҳәрақәа, аилибамкаарақәа. Иҟалеит шьҭахьҟа ихынҳәыз. Изаанымхаз. Урҭ гәыбӷан аӡәгьы иримҭароуп. Ҳара ҳнапы ҳазрыкәмыршазар, ҳрашьцәаҵәҟьаны ҳхы ҳаздмырбазар – хара рымам.

Ус акә, егьыс акә иахьазы имаҷыҩӡам арахь иааны иҳаланхаз. Ара аҭаацәарақәа аԥызҵаз. Зхы-зыхшара еиҵаҩҩы зыԥсадгьыл иқәынхо. Ара анаплакқәа аазыртыз. Аус зуа. Уаҵәтәи зымш Аԥсны иадызҳәало.

Шьамтәылатәи аибашьра акәзар, Аԥсныҟа рхы археит шьардаҩык. "Шәыԥсадгьыл шәыда аҳ дамоуааит ҳәа" ҳарԥылеит. Анцәа иҳәозар урҭгьы ара рышьаҭа ркып.

Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Дбар: қыҭа дуӡӡак дзырҭәааша зыԥсадгьыл ашҟа игьежьыз ҳџьынџьуаа ыҟоуп

Иара убри аан ирацәаҩуп аԥсуаа гәҭылсақәа "аҭырқәцәа" ҳәа рзызҳәо. Инагӡаны издызымкыло. Уи гәызианроуп, аха угәы унархьуеит. Уаԥсҵәык иҟоу ҳара асеиԥш азин ҳазҭада аҳәара.

25-шықәса раԥхьа аусура хацнаркит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иҟанаҵаз акыр ирацәоуп, ахәшьарагьы уадаҩуп. Рацәаӡак ахы мырзаӡакәа абри аилак иалшеит хра змоу аусура амҩаԥгара: ихынҳәыз излалшоз ала ҩныла-гәарала, усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара, абызшәа дырҵара аиҿкаара, ахәыҷқәа ашколқәа рахь инаганы рҩызцәа-рықәлацәа ирылаӡҩартә аҟаҵара. Идыру акоуп иахьатәи ҳаамҭазы аҟәрышь аҳра шауа. Уи азы ҳҳәынҭқарра макьана акыр имаџьаноуп. Ус шакәугьы иалнаршаз маҷӡам.

Ирҳәоит наҟынтәи иаауа аҳҭнықалақь ада акгьы рҭахӡам ҳәа. Иара ара иҟоу ҳаргьы ҳқыҭақәеи ҳџьынџьқәеи кажьны аҳҭнықалақь аҿы ҳааны ҳаштәо атәы заҳамҳәозеи? Даргьы ҳаргьы иаадыруазароуп ари ҳадгьыл чашә хазына иахьа ишыҟоу еиԥш ишаанымхо. Ишыҟало знапаҿы иаазгарц зҭаххо. Убри азы еиуеиԥшым аформақәа хәыцтәуп. Ирыдгалатәуп. Рҽеидкыланы иахьынхаша адгьыл ҭыԥқәа рзалхны ҩныла-гәарала еиқәыршәатәуп. Иҭацәыз Мрагылаартәи Аԥсны араионқәа рҟны изалымшозеи 20-30 ҭаацәара ахьеиланхаша адгьылқәа ралкаара.

Иахаану рацәоуп Бериа ихаан агырцәа Аԥсныҟа иааганы ианындырхоз аҩнқәа рзыргыланы, ԥшь-шьапык зҵоу рашҭа инҭаҵаны, иеиҭарҳаша, иларҵаша ажәла нарыҭаны рынхара шеиҿыркаауаз. Адгьыл ауаҩы даднахалоит. Даднаҳәалоит. Абри авариантгьы иазхәыцзар…

Изакәытә насыԥхарыз ҳаԥсуа қыҭақәа ахәыҷгәырӷьабжь рылыҩуа, рылҩаҵәқәа ажәҩан иаҵаҽырбо иааҟалар.

Аилак акәзар, зегьы ишрылшо ала адгылара арҭалароуп. Аҳәынҭқарра амацара акәӡам абри зыпроблемоу. Ари апроблема зегьы еицаҳтәу проблеманы иаҳшьо ҳаналагалак ашьҭахь ауп зегь бзианы ианыҟалогьы.

Аҽакгьы: ара иҟоу иаадыруазароуп ицәгьа-ибзиа, ргәы рыхь-ирмыхь ҳара ҳада дара уа анхара шрылшо. Дара рыда анхара злымшоны иҟоу ҳара ҳауп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0