Ачемпионат амҩаԥгараан Аԥсны авизақәа аԥнахуеит аҳәаанырцәтәи асасцәа рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукРабота КПП Псоу
Работа КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла, рашәара 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа.

АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат амҩаԥысраан Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра алаларазы авизақәа аамҭала раԥыхразы. Абри атәы аанацҳаит атәыла Ахада иофициалтә саит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи Аԥсны Аҳәынҭқарра алҵреи рзы" ахәҭаҷқәа 6, 24 инарықәыршәани Урыстәылатәи Афедерациаҟны ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат амҩаԥгара инақәыршәани азин ҟаҵазааит: рашәара 15 инаркны нанҳәа 1 аҟынӡа атуризм хықәкны измоу аҳәаанырцә ауааԥсыра визада Аԥсны Аҳәынҭқарра ралалареи Аԥсны Аҳәынҭқарра ралҵреи" — ҳәа аҳәоит адырраҟны.

Иара убасгьы атәыла Ахада Иусԥҟала рашәара 15 инаркны нанҳәа 1 аҟынӡа иаанкылоуп Азакәан 2016 шықәса рашәара 30 рзтәи авариант аусура.

Аԥсны Ахада Иусԥҟа Қырҭтәыла атәылауаа аҵанакуам.

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла, рашәара 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа. Ахәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп ақалақьқәа: Москва, Калининград, Санкт-Петербург, Волгоград, Казань, Новгород, Самара, Саранск, Ростов-на-Дону, Екатеринбург, Шәача рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0