Кындыӷ аусура алагара иазырхиоуп ацха арыцқьареи аихшареи рзауад маҷ

© Sputnik / Илона ХварцкияПродажа меда на рынке
Продажа меда на рынке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кындыӷ ақыҭан аусура алагара иазырхиоуп ацха арыцқьареи аихшареи рзауад маҷ.

АҞӘА, рашәара 14– Sputnik. Кындыӷ ақыҭан аусура алагара иазырхиоуп ацха арыцқьареи аихшареи рзауад маҷ ҳәа Sputnik иазааицҳаит АУН "Аԥсныцха" аиҳабы Даур Туӷәышь.

Кындыӷ иаадыртуеит ацха арыцқьареи аихшареи рзы азауад - Sputnik Аҧсны
Кындыӷ иаадыртуеит ацха арыцқьареи аихшареи рзы азауад

"Анаплакы аусура алагара ҳазыхиоуп. Аусура апринцип ҳарбаразы ҳара ҳахь даны дыҟан италиатәи анаплакҩы. Иаанханы иҟоу амаҷ-саҷ иаарласны еиҿаҳкаауеит. Акомиссиа ҳҭан урҭ агха-ԥхақәа иҟаз ҳрызхьадырԥшит. Мышқәак рыла зегь еиқәыршәахоит. Ҳгәаанагарала амза нҵәаанӡа азауад аусура иалагоит. Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа ихахьы игеит анаплакы аусура алагара ахылаԥшра", — иҳәеит иара.

Уажәазы аусуцәа рыдкылара иаҿуп. Алаборанти атехнологи рыԥшаахьеит. Туӷәышь иазгәеиҭеит ареспубликаҿ абри аус здыруа аҟазауаа рыԥшаара шыуадаҩу.

"Анцәа иџьшьаны Урыстәыла дсыԥшааит аус здыруа ауаҩы. Иара Кындыӷ ааигәара дынхеит. Аусаз даара иманшәалоуп", — иҳәеит иара.

Туӷәышь ишиҳәаз ала, азауад аҿы аус рулоит Кындыӷ ауааԥсыра.

Анаплакы аргылара иақәхарџьуп 19 миллион 970 нызқь мааҭ аԥара.

Ажәабжьқәа зегьы
0