Даанкылоуп Урыстәылатәи атуристцәа амц изжьоз ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНаручники. Архивное фото.
Наручники. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәсазтәи акурорттә сезон аламҭалаз шәҩыла Урыстәыла атәылауаа аинтернет-мцҳәаҩцәа ирҿыҵашәеит апутиовкақәа раахәараан.

АҞӘА, рашәара 15 —Sputnik. 2018 шықәсазтәи акурорттә сезон аламҭалаз шәҩыла Урыстәыла атәылауаа аинтернет-мцҳәаҩцәа ирҿыҵашәеит апутиовкақәа раахәараан. Аинтернет-мцҳәаҩы ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы дааныркылеит Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи дареи еимырдаз аинформациа ашьҭахь ҳәа ҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Гарцкиа: аԥсшьаҩцәа амшын аҟәараҿы ршәарҭадара еиҿкаатәуп

"Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаԥнаго аусурақәа ирыдыԥхьалоуп Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра еиуеиԥшым аусбарҭақәа. Асеиԥш мҩаԥгоуп аекономикатә цәгьоурақәа ирҿагыланы ақәԥаразы аусбарҭа имҩаԥырго аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа раан хыхь иарбоу ацәгьоурақәа мҩаԥыргеит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ахаҿқәа, Урыстәыла атәылауаа, ахьаарԥшыз. Урҭ рҟынтәи аӡәы иахьа даанкылоуп", — иҳәеит Кишмахов.

Иара иазгәеиҭеит аоперативтә ԥшаара шымҩаԥырго абри аус аҟаҵара мҩаԥызгаз ҳәа изышьҭо Урыстәыла атәылауаа. Иара убасгьы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит Аԥсны атәылауаақәак рганахь алагьы.

Иҟоу аинформациа аиашараан урҭ ахаҿқәа ашьауӷа иақәыршәахоит. Аинтернет-ресурсқәа рҟны иарбаз Аԥсны амобилтә операторцәа рномерқәа ракәзар, арҭ аномерқәа рхы иадырхәон ауаа радыԥхьаларазы, ирҳәо аиашара ҵаҵӷәыс иаманы аҟаҵаразы иҳәеит Кишмахов.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцә атәылауаа рганахь ала амцԥаршеира аҟазшьа змоу афактқәа рыдбалараан оперативла азнеира дҵаны иқәнаргылоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0