АҞӘА, рашәара 19— Sputnik. Сергеи Лаврови Маик Помпеои ашәахьаҽны ҭелла реицәажәараан ирзааҭгылеит Кореиатәи адгьылбжьаха аҭагылазаашьа, Урыстәылеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи иааиуа аамҭақәа рзы реинырра аграфик ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Аицәажәараҿы инаҵшьны иазааҭгылан ООН АХ арезолиуциа 2254 ҵаҵӷәыс измоу шьамтәылатәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара апроблема, иара убасгьы Кореиатәи адгьылбжьаха апроблема аӡбразы амчқәа реизакреи аинырреи рызҵаара. Лаврови Помпеои иара убасгьы ирылацәажәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа распектқәак, Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи иааиуа аамҭақәа рзы реинырра аграфикгьы абрахь иналаҵаны" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Иазгәаҭоуп аицәажәара шымҩаԥысыз америкатәи аган аԥшьгарала.