АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Хышықәса зхыҵуа аԥснытәи аӡӷаб хәыҷы Сабина Барцыцԥҳа афестиваль "Princes&Princess of the world 2018", "Stars ofthe World 2018" дрылахәын ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аԥшӡара амилаҭтә фестиваль "Мини-мисс Абхазии", "Королева Абхазии" рышьаҭаркҩы, аԥшӡара Жәларбжьаратәи афестиваль ажиури алахәыла Лали Сыҷынааԥҳа.
"Сабина Аԥсны ахьӡала, аԥсуа бираҟ даҵагыланы дықәгылан. Ҳара афестиваль алахәраҟны хықәкны иҳамаз адунеи Аԥсны аӡбахә арҳароуп. Сабина, афестиваль аноминациақәа "Princess OF THE WORLD2018 SUPER BABY" "PRINCESS OF THE WORLD 2018 AWAR OF CHILD STARJURY", "CHARM 2018", "MODEL-GOLD MEDAL" рҟны аиааира лгеит. Лара днарыԥхьеит Естониа, Литва, Ҭырқәтәыла, Филиппины рҟны имҩаԥысуа жәларбжьаратәи афестивальқәа рахь", — ҳәа еиҭалҳәеит Лали Сыҷынааԥҳа.
"Princes&Princess of the world 2018" аҟны Сабина аԥсуа милаҭтә кәашара налыгӡеит. Афестиваль аҿы Сабина зегьы дреиҵбын.
"Ҳара афестиваль аиҿкааҩцәа Георгина Георгиеви Петиа Данданови ҭабуп ҳәа раҳҳәоит иаҳзыҟарҵаз адкылара ԥхазы. Сабина афестиваль егьырҭ алахәылацәа дырнаалеит. Еиҩызцәахеит. Ҳара афестиваль аԥхьатәи амш азы аиҩызара аҵла еиҭаҳҳаит аԥснынтәи инаагаз анышә аҵаԥсаны. Уи ала иааҳарԥшит аиҩызара аҳәаа шамам", — ҳәа еиҭалҳәоит Лали Сыҷынааԥҳа.
Жәларбжьаратәи афестиваль "Princes&Princess of the world 2018" мҩаԥысит болгариатәи ақалақь Албена аҟны рашәара 18 – 25рзы. Иара иалахәын 16 тәыла: Урыстәыла, Чехиа, Филиппины, Естониа, Латвиа, Литва, Белоруссиа, Албаниа уҳәа егьырҭгьы.