Сара схаан имодан ибзианы аҵара аҵара

© AFP 2023 / ANDREJ ISAKOVICВыпускной
Выпускной - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи ҳаамҭазы ашкол алгара иацу аныхтәқәеи ашкол аушьҭымҭацәа рзы аныҳәа дуқәа реиҿкаара ахьынӡаԥсоуи дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Сара салгеит Иуа Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьарати ашкол 1980 шықәсазы.  Свундеркиндымызт, аха салгеит ицәгьамкәа. Сҭаацәа иагьбеиамызт, иагьӷармызт, нхаҩцәақәак шыжәбац. Ашкол салгара сҭаацәа рзы мааҭкгьы иаԥсамызт, избанзар, усҟантәи аԥҟарақәа рыла, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аҿы иаҳшәыз ашколтә форма ада, даҽа маҭәак аахәара, ма аӡахра аӡбахәгьы ыҟамызт. Усҟан ҳара ҳашкол директорс даман Пантик Табаӷәуа, згәы ҭбааз, аха злеишәа џьбараз ауаҩы. Ҳагьицәшәон, ҳагьицәыԥхашьон усҟантәи аҵаҩцәа. Сара схаангьы иҟарҵалон ашкол алгара иазкыз аишәа архиара. Уи ақыҭаҿы ашкол иалгоз руаӡәы иҭаацәа рыҩны еиҿыркаауан, аха шықәсык зны ҳара ҳалгара аԥхьа, ахәылԥаз аҿы ҭыӡшәак ҟалеит, убри ашьҭахь Пантик Баграт-иԥа иҳалеиҳәеит, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы анаҩсан, даҽа гәырӷьаратә еилатәарак амҩаԥгара ҟалом ҳәа. 

Ученики 1-го класса в средней школе №3 в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистрра ашколқәа рҿы иаку аформа аланагалоит

Хымԥада, аԥышәарақәа анаҳҭилак ашьҭахь, аҭаацәеи ҳареи иҳалшон аԥара еилаԥсаны аныҳәатә еишәа архиара, аха ҳдиректор Пантик Табаӷәуа ииҳәаз ахыԥара азхәыцрагьы ҳалшомызт, убри аҟынтә, ашкол аҿы аҵыхәтәантәи аԥышәара анаҳҭии, символк аҳасабала, ҳарҵаҩцәа қәыԥшцәа ҳацны, ахәылбыҽха шьапыла ашәа зҳәашаз ҳаспидола ҳаманы Тамшьи Аҟәеи еимаздо амҩаду аҟынӡа шьапыла ҳцаны ҳааит. Абас ихыркәшахеит сара сзы ашкол алгара. Ишәцәызӡом, ҳарҵаҩцәагьы ҳҭаацәагьы ҳарқьынцыцны ҳрымамызт, ашколтә форма инаҷыданы, даҽа маҭәак аныҟәгарагьы аӡәгьы ихахьы иааиуамызт, насгьы, инаҩцаны аҽеилаҳәара ашьҭазаара уеизгьы-уеизгьы имоданы иҟамызт, иара амаҭәа ҳәа ҳазҿу ус унадыххыланы иахьааухәашазгьы абаҟахыз. 

Сара схаан имодан ибзианы аҵара аҵара, ҳарҵаҩцәа аҵара ҳазҭало-ҳзымҭло акәын изышьҭаз, уи ашкол азы акыр ихадан, избанзар ашкол аушьҭымҭацәа разыҟаҵара аҩаӡара ашкол ахаҭа иахаҿран. Исҳәарц исҭахуп схаан арепетиторцәа захьӡыз ақыҭаҿы ишыҟамыз, ҳара иреиҳау аҵараиурҭа аҭалараан ашкол иаҳнаҭаз акәын ҳамҩақәызҵоз. Уажәтәи аҿар иџьаршьашт, аха усҟан Кәтолтәи ашкол иалгаз Қарҭтәи атеатртә институт санҭалоз исоуз ахәшьарқәа абас иҟан: актиортә ҟазареи, асценатә бызшәеи — 5, аурыс литература — 5, ахыҭҳәаа азы — 4, азеиԥш зыҟаҵара, аҟазарадырра — 5. Ари зысыҩуа, усҟантәи ашкол шыӷәӷәаз атәы сҳәарц азоуп. Иҟан ҳашкол иалганы, зегьы хәбақәа ҳәа иҭины аинститутқәа ирҭалозгьы.

Заҟа иаԥсоузеи Аԥсны аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз 2018 шықәсазы - Sputnik Аҧсны
Заҟа иаԥсоузеи Аԥсны аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз 2018 шықәсазы

Ажәакала, ашкол салгара сани саби рзы иԥараныхгамызт, аҵара санҭала сныҟәгатәын ҳамҳәозар. Аамҭа цеит, иахьа сара сынхоит аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаараҿы, ауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа СССР ахаантәи аасҭа акыр ианыуадаҩу, аха ахәыҷы ашкол иалгара хырҵәаганы ианыҟоу аамҭазы. Измоугьы, измамгьы еивасны ашкол иалго реилаҳәара гәарҭак аԥара ахҭнырҵоит, измам ракәзар, рыхшареи дареи акомплексқәа ахьрылаҽу иахҟьаны, ҳаҵамхандаз ҳәа аҵкы, аимаа, акостиум уҳәа раахәаразы Шәачатәи адәқьанқәа ирыҵоуп. Аныҳәа аҟаҵара аҭахуп хымԥада, аха аԥсуаа ирымҳәози – ухыза заҟароу дырны, ушьапы еиҵых ҳәа. Аҵаҩы ашкол иалгара, аҵак дуӡӡа змоу жәларбжьаратәи аныҳәа аҟаратәра иашам. Сгәанала, иахьа ашкол ахәыҷы иалыргаразы аҭаацәа инырхуа аԥара абжеиҭабжа узурхар алшоит.

Аха, аҵыхәтәантәи афилософиа излаҳәо ала, ашкол аушьҭымҭа, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аҽны ишәыз акостиум, нас аттестатқәа анрырҭо, аресторан ахь ианцо ишәиҵар ԥхашьарахзаап. Абри адагьы, имҩаԥыргоит ақалақьтә ныҳәа, нас ареспубликатә, араҟагьы, знык иушәуҵахьоу даҽазнык иамуазаап. Изхәыцда арҭ аԥҟарақәа? Иҟалап, ари цәырыгазар аԥара зырҳаз аҭаацәа, нас иацәыԥхашьаны уи нарыгӡарц иаҿуп алшара змамгьы. Уажәтәи аԥсуаа аҵара аҵараҿи, анамыс аныҟәгараҿи, ахатәы бызшәа аҵараҿи аиндаҭлара уамак ҳашьҭам. Ҳаиндаҭолит еиҳарак аҽеилаҳәареи, еиҳа зырҳауеи ҳәа. Иурҳауа ныхшьас иамоу, ухшара илауааӡаша атәы, иахьа хырҩа азуп, аамҭа усшәа иҟалеит. Ахәыҷы иааӡара аума аҭахуп, еиуеиԥшым акомплексқәа иламларц азы, дхәыҷнаҵы иурҳалароуп, аԥҭазаараҿы зегь рсоциалтә ԥсҭазаара шеиԥшым, насгьы аматериалтә ган аграқәа зегьы шазхымҩо. 

Сынтәа сыҷкәын аиҵбы ашкол далгоит. Иаргьы саргьы уажәазы ҳхы ахьцо иреиҳау аҵариурҭа аҭалароуп, акостиум акәзар, иҳамоу ҳазҳархоит, аимаагьы убас. Сара сзы аус злоу, исааӡаз абри астресс ҳәа акгьы ахьинамҭо ауп. "Зыхә ҳаракӡоу акостиум ушәуҵар, уара удаҽаӡәхом сыҷкәын, уқәыԥшуп, иушәуҵалак унаалоит", — сҳәоит сара. Абри исҳәо шиашоу сымҩашьо агәра згоит.

Ашкол иалго сыҷкәын иҵара хиркәшоит Аҟәатәи латәаратәи-латәарадатәи ашколаҿы (очно-заочная школа), араҟа, егьырҭ ашколқәа рҿы иҟоу аԥараныхра акыр еиҵоуп. Ари ашкол ауп изылгаз егьырҭ ҩыџьа сыхшарагьы, убри аҟынтә, еснагь сныхтә еиҳа еиҵан. Ус акәзаргьы, ашкол алгара иахҭнысҵеит: аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы ашьҭахь ақьафурҭахь ацаразы 2 500 мааҭ,  аԥышәарақәа 5 рыҭираан ашәҭқәеи аӡыржәтәқәеи рзы зынӡа 1500 рҟынӡа, иара убас, уажә иааиуа ауышьҭымҭацәа зегьы ианазгәарҭо уаанӡа аҵара ахьиҵоз 10-тәи ашкол аушьҭымҭацәа ақьафурҭахь дрыццарц азы, афото альбом иаздырхио нацҵаны 6 нызқь мааҭ. Бжьаратәла — 10 нызқь мааҭ. Акостиум, ма аимаа азы аԥара нысымхит, уаанӡа иҳамаз ишәиҵоит. Сара мариала салгоит ҳәа исыԥхьаӡоит. Егьырҭ аҭаацәа реиԥш аресторан ахь сара сцаӡом, егьырҭ сыхшара аналгозгьы срыцны сымцаӡеит, аԥара аныхрагьы сҭахым, иара уи ашыкьбжьы зцу аныҳәагьы уамак сеилаҳауам. Ус акәымкәа, иаабац абжьаратәи ашкол ҳалгозҭгьы, ашкол алгаразы 25 нызқь мааҭ аҭаххон, убырсҟак еизыргон сыҷкәын анкьа аҵара ицызҵоз иҩызцәа. Уа иалам амаҭәа-аҩыҭәа иахҭынҵатәу ахарџь. Ибзианы издыруа ҭыԥҳак аҵкы аахәаразы лҭаацәа 25 нызқь нырхит, аимаазы — 5 нызқь, иара убас, ахаҿырхиара 2 500 еиҵамкәа иаҭахуп. Зеиԥшла, иаабац ашкол сыҷкәын далгозҭгьы, 50 нызқь раҟара нысхыр акәхон. Ари хырҵәагоуп аулафахәы ала инхо ауаа рзы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0