Анапатәи асасааирҭаҿ амца дырцәеит, аӡәгьы ԥырхага имоуит

CC0 / / Пожарные рукава, архивное фото
Пожарные рукава, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анапа, Апионерцәа рымҩаду аҿы иҟоу асасааирҭа амца акит ҳәа анапатәи амцарцәаратә гарнизон аҷаԥшьаратә хәҭахьы иасит амҽыша, асааҭ 9:02 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 — Sputnik. Анапа, Апионерцәа рымҩаду аҿы иҟоу асасааирҭа амца акит ҳәа анапатәи амцарцәаратә гарнизон аҷаԥшьаратә хәҭахьы иасит амҽыша, асааҭ 9:02 рзы. Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь инеиит иаарласынгьы амца дырцәеит. Иҟоу адыррақәа рыла аӡәгьы ԥырхага имоуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

 Асааҭ 9.13 мск рзы уахь инеиз амцарцәаҩцәа ишьақәдыргылеит ибылуаз аԥшьбатәи аихагыла шакәыз. Амца акын 250 метр ԥшьыркца.

 Асасааирҭа идәылган 96-ҩык аҭааҩцәеи аусзуҩцәеи.

"Асааҭ 10.15 мск рзы амца ырцәан. Иҭахази ааха заузи ҳәа аӡәгьы дыҟам" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

 Амца арцәараан ахархәара рыҭан 6 акк атехника ҷыдеи 24-ҩык амцарцәаҩцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0