Аԥсны Ахада Тамшь адесант аӡхыҵра 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара далахәын

© Фото : presidentofabkhaziaРауль Хаджимба принял участие в памятных мероприятиях, посвященных 25-й годовщине Тамышского десанта
Рауль Хаджимба принял участие в памятных мероприятиях, посвященных 25-й годовщине Тамышского десанта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заур Зарандиа икомандаҟаҵарала ԥхынгәы 2 1993 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан аԥсуа десант амшын иӡхыҵит. Дара ирхықәкы хаданы иҟан Аҟәаҟа ицоз ацентртә мҩаду аанкылара, аӷа ианысра алмыршара.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik. 2018 шықәса ԥхынгәымза 2 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Тамышьтәи адесант 25-шықәса ахыҵра иазку агәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа дрылахәын ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада Тамышь ақыҭан Ахьӡ-аҧша абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит, амитинг иҽалаирхәит.

"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ҳаҭыр зқәу анацәа, абацәа, аишьцәа, аиҳәшьцәа, ҳауаажәлар зегьы! Аиашазы, абарҭ амшқәа рзы, 25 шықәса рышьҭахь абра амцашоура иалагылаз шәоуп иахьа ара игылоу зегьы. Агәра згоит, хацәнмырха игылаз ҳарҭ ҳаҷкәынцәа, ҳауаажәлар ирыдгыланы, иара убас хатә гәаԥхарала иааз рыцхыраара ишабзоурахаз иаҳгаз Аиааира. Аибашьра ашықәсқәа раан зегьы шәаӡәыкны шәышгылаз еиҧш, аҭынч ҧсҭазаарааҿгьы аҳәынҭқарра аргылараҟны аӡәк иеиҧш шәеидгылазароуп. Рыхьӡ кашәара ақәымзааит зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа! Хьӡи-ҧшеи рыгымзааит Аҧсны ахьчаразы зхатәгәаҧхарала иааны иҳадгылаз зегьы! Иҟазааит наунагӡа ҳадгьыл аҿы аҭынчра, аидгылара, аизыӡырҩра, бзиа аибабара! Абзиарақәа шәзеиҕьасшьоит! Иҭабуп!", — иҳәеит, ҷыдала, Ахада иқәгылараҿы.

Заур Зарандиа икомандаҟаҵарала ԥхынгәы 2 1993 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан аԥсуа десант амшын иӡхыҵит. Дара ирхықәкы хаданы иҟан Аҟәаҟа ицоз ацентртә мҩаду аанкылара, аӷа ианысра алмыршара. Адесант иалахәын 300-ҩык аибашьцәа.

1993 шықәса ԥхынгәытәи аоперациа аан иҭахеит 11-ҩык аибашьцәа, ахәрақәа роуит 36-ҩык.

Мрагыларатәи афронт аҟынтәи 58-ҩык ҭахеит, ахәрақәа роуит 200-ҩык. Хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуаз рҟынтәи ԥшьҩык ҭахеит, жәиԥшьҩык рхәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0