Асистема VAR аус адызулаз ФИФА 15 миллион евро ашәар иҭахуп

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФутбол. ЧМ-2018. Матч Швеция - Республика Корея
Футбол. ЧМ-2018. Матч Швеция - Республика Корея - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асистема VAR иалнаршоит аимак-аиҿак зхылҿиааз аиҭарбара. Иара ахархәара арҭеит Урыстәыла имҩаԥысуа адунеи ачемпионат аҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 2— Sputnik. Испаниа атәылауаҩ Франсиско Лопес аҳәамҭа ҟаиҵеит иара шиакәу авидеоеиҭарбара асистема (VAR) зхәыцыз. Убри инамаданы ФИФА 15 миллион евро ашәар иҭахуп. Асистема VAR иалнаршоит аимак-аиҿак зхылҿиааз аиҭарбара. Иара ахархәара арҭеит Урыстәыла имҩаԥысуа адунеи ачемпионат аҿы. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Лопес иажәақәа рыла апроект аидеиа рыдигалеит Испаниа аҵареи акультуреи рминистрра 1999 шықәса, цәыббрамзазы.

"Шықәсқәак раԥхьа ахәмарра хра аманы амҩаԥгара иацхраауаз асистема хәыцын. Усҟан сара акгьы саҳәомызт, аха уажәы избоит ФИФА иҟанаҵо. Сара сыӡбамҭа хышықәса рыҩныҵҟа ахархәаразы 15 миллион евро сзыршәар сҭахуп", — иҳәеит Лопес.

Асистема VAR иалнаршоит аимак-аиҿак зхылҿиааз аиҭарбара. Иара ахархәара арҭеит Урыстәыла имҩаԥысуа адунеи ачемпионат аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0