Какоба: зегь реиҳа иҵарны иқәгылоу зҵаароуп ахәыҷбаҳчақәа разымхара
"Еиҳарак ахәыҷбаҳчақәа рыпроблема ахьыӷәӷәоу ақалақь дуқәа рҟны ауп: Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра. Ҳаԥҟарақәа инарықәыршәаны, ахәыҷбаҳчахь инеиуа ахәыҷы хышықәса ихыҵуазар ауп. Фышықәса инареиҳаны зхыҵуа ахәыҷы иааныжьра азин ыҟам. Иахьа, убас еиԥш аҭагылазаашьа ҟалалоит, 300-ҩык рҟынӡа ахәыҷкәа зықәра аҵанакуа ахәыҷбаҳчаҿы аҭыԥ рмоуӡакәа иаанхоит. Ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаара зегь реиҳа иҵарны иаҳзықәгылоуп", —ҳәа азгәеиҭеит Какоба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.