Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсҭаа: аӡыргара ҟаҳҵом, Ауадҳара зыԥсы зшьар зҭаху зегьы ахьҳазҳадымкыло аҟынтә

© Фото : из личного архиваАстан Аристава
Астан Аристава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны Ауадҳара аԥсшьаратә комплекс иахылаԥшуа Асҭан Арсҭаа Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит аԥхын дара рҟны зыԥсшьара зхызгарц зҭаху рхыԥхьаӡара шырацәоу.

Арсҭаа: аӡыргара ҟаҳҵом, Ауадҳара зыԥсы зшьар зҭаху зегьы ахьҳазҳадымкыло аҟынтә
"72-ҩык рҟынӡа знык иҳадаҳкылартә ҳаҟоуп. Хә-ҭыԥк змоу аҩнеихасақәа жәба рыдаҳгалоит иахьа, иара убасгьы иҳамоуп еихагылоу ҩажәижәаҩа уада змоу асасааирҭа. 

Ҵыԥхи сынтәеи имаҷуп иҳадаҳкыло, аӡыргарақәа Урыстәылаҟа еиҿаҳкаауам, избанзар Аԥсны атәылауаа рацәаҩуп, насгьы рыԥсы ршьар анырҭаху аамҭа еиқәшәоит. Иахьатәи амш инаркны август ҩажәанӡа иҭәуп аԥсшьарҭа.  Иҵегьы аҭыԥқәа ҳамазҭгьы, даҽа ҩынтә-хынтә еиҳаны ауаа ҳадаҳкылон", — иҳәеит Арсҭаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0