"Аԥсадгьыл агәеисыбжь" гоит Анкара

© Фото : из личного архива Агумаа"Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа
Аԥсадгьыл агәеисыбжь аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2010 шықәсазы, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рыцхыраарала, аҳҭнықалақь Анкара иҭыҵуа иалагеит, аԥсуа Хеилакқәа Рфедерациа иатәу агазеҭ "Аԥсадгьыл агәеисыбжь". Аҵыхәтәантәи хышықәса, уи аҭыжьра аанкылоуп еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны. "Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа иаҳзеиҭеиҳәеит, хара имгакәа акьыԥхь ишазыхынҳәуа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

2010 шықәсазы, Анкара ҩ-бызшәакны, ԥсышәалеи ҭырқәшәалеи иҭыҵуа иалагаз агазеҭ "Аԥсадгьыл агәеисыбжь", ныҳәа дук еиԥш ирыдыркылеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа.

Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит ақьафурҭа Сылашара - Sputnik Аҧсны
Иит аибадырреи агәыбылреи: "Сылашареи" сареи Сҭампыл ҳшеиқәшәаз

Агазеҭ адаҟьақәа ирнылон Аԥсны аҭоурых, Нарҭаа репос, ажәабжьқәа, аибашьра аветеранцәа ирызку аочеркқәа, ақыҭақәа рыбзазара атәы, еиуеиԥшым ахҭысқәа, аԥсуа алфавит, иара убас "Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аҟны иуԥылон аԥсуа милаҭ хәыҟаҵашьа иазкыз анҵамҭақәагьы.

Агазеҭ аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа, аинтернет асаит феисбук аҿы иаԥиҵеит "Аԥсадгьыл агәеисыбжь" адаҟьа. Акьыԥхь знапаҟны имнеиуаз, ирыман алшара, аинтернет ала аԥхьара. Анапаҵаҩцәа зегьы, иҭабуп ҳәагьы иарҳәон.

Агәлаҵа аҭаны, мызкахьы зны иҭрыжьуаз агазеҭ, ахыԥхьаӡара 10000 цыра ыҟан.

© Фото : из личного архива Агумаа"Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа
Аԥсадгьыл агәеисыбжь аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа - Sputnik Аҧсны
1/2
"Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа
© Фото : из личного архива Агумаа"Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа
Аԥсадгьыл агәеисыбжь аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа - Sputnik Аҧсны
2/2
"Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа
1/2
"Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа
2/2
"Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа

"Агазеҭ акьыԥхь азырхиара жәамш ҳадхалон. Астатиақәа Аԥснынтәи иаҳзаарышьҭуан Вахтанг Аԥҳазоу, Оқтаи Чкәотуа уҳәа аӡәырҩы. Аҭыԥаҟны аматериалқәа азлырхион Маҳинур Папааԥҳа, ажурналистика иадҳаԥхьалон аҿар. Агазеҭ анҭыҵлак Адернеқьқәа зегьы ирылаҳарҵәон, аԥсуа қыҭақәа ирзаҳшон, имаҷымкәа Аԥсныҟагьы иааҳашьҭуан. Шәача, аҳаиртәбаӷәазаҟны иаԥылон, Арепатриациа аусзуҩцәа", — иҳәоит аредактор хада.

Неџьдеҭ иажәақәа рыла, "Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аханатә Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иоуп згәаҿы иааиз. Аԥсны иҭыҵуазаарын, убасцәҟьа хьӡыс измаз ҩдаҟьа хәыҷык рыла еиқәыршәаз агазеҭ.

"Арепатриациазы акомитет аамҭала аиҳабыс иҟаз Зураб Адлеиба иоуп иҳабжьазгаз, агазеҭ аҭыжьра ҳалагозар абри ахьӡ ҳхы иаҳархәарц. Хымԥада уи гәахәарыла иҳадаҳкылеит, насгьы Владислав ду далааҳгәалашәоит. Ҳазегьы, ҳгәы зеисо, ҳаԥсадгьыл азы ауп", — ҳәа азгәеиҭоит Неџьдеҭ Агәмаа.

Аҵыхәтәантәи хышықәса "Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аҭыжьра аанкылоуп. Аха, уи аамҭалатәи ауадаҩрақәа роуп. Аредактор хада иҳәеит, иахьа акьыԥхь архынҳәразы анапаҵаҩрақәа шеидыркыло, Ахеилакқәа Рфедерациа иалшо зегь шыҟанаҵо, "Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аргаразы.

Меҳмеҭ-Али Доҳмаа - Sputnik Аҧсны
Меҳмеҭ-Али Доҳмаа: аԥсуаа рхеидкыла хаз комплексны аргылара ҳгәы иҭоуп

Неџьдеҭ Агәмаа занааҭла джурналистӡам, аха уи аус дазҟазоуп. Агазеҭ уажәазы иҭымҵуазаргьы, иуаажәлар жәабжьда иаанижьӡом.

Лассы-лассы Аԥсныҟа иаауа Неџьдеҭ ихы рылаирхәоит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, ахҭысқәа. Абрантәи асоциалтә ҳа аҟны ишиашоу ицо аефир ахь дцыҵуеит. Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә дгьыл аҟны иҟоу иану дирбоит. Иара убас, аԥсуаа ирзынархоу, Ҭырқәтәыла еиҿкаахо аусмҩаԥгатәқәа, Аԥснытәиқәа ирыдигалоит.

Ҳазҭоу ашықәс, хәажәкыра 23 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала, Неџьдеҭ Рауф-иԥа Агәмаа, Арепатриациа аус аҿы иибо аџьабаа ду аҳаҭыр азы ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара.

© Фото : из личного архива Агумаа"Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа
Аԥсадгьыл агәеисыбжь аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа - Sputnik Аҧсны
"Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Неџьдеҭ Агәмаа
Ажәабжьқәа зегьы
0