Аҟәа имҩаԥысуеит адраматә шоу GRAND OPERA GALA

© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт Grand Opera Gala
Концерт Grand Opera Gala - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адраматә шоу GRAND OPERA GALA мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсуа драматә театр аҿы нанҳәа 7 - 13 асааҭ 19:00 рзы. Ԥшьынтәны Аԥсны имҩаԥысуа абри ашоу GRAND OPERA GALA иалацәажәоит радио Sputnik аинтервиу азҭаз иара аиҿкааҩцәа, ашәаҳәаҩцәа Саид Гобечиеи Нана Черқьезиаԥҳаи.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Ԥшьынтәны Аԥсны имҩаԥысуа ашоу GRAND OPERA GALA иалацәажәоит арадио Sputnik раинтервиу азҭаз иара аиҿкааҩцәа, ашәаҳәаҩцәа Саид Гобечиеи Нана Черқьезиаԥҳаи.

Ари апроект шықәсык ахь знык имҩаԥаагоит. Иара асценахь ицәырнагоит аԥснытәиқәа реиԥш аҳәаанырцәтәи анагӡаҩцәагьы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аоператә шәаҳәаҩы Саид Гобечиа.

Сынтәатәи апроект иалахәхоит Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа ар Москватәи асимфониатә оркестр.

Саид Гобечия и пианистка Анна Половникова - Sputnik Аҧсны
Саид Гобечиа Курск аԥхьахә ианашьахеит

"Ари аоркестр Урыстәыла еицырдыруеит. Адунеи атәылақәа жәпакы ирҭаахьеит гастроль ҳасабла", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Аиҿкааҩцәа ирыгәҭакуп азыӡырыҩцәа еиуеиԥшым арепертуар рыдгалара.

"Апрограмма згәамԥхаша дҟаларым. Ахәаԥшҩы дахьыччашагьы ҟалоит, дахьҵәыуашагьы. Аԥсуа музыкагьы аҭыԥ аҭахоит", — ҳәа еиҭеиҳәоит ашәаҳәаҩ.

Нана Черқьезиаԥҳа лажәақәа рыла, ашоу агеографиа есышықәса аҽарҭбаауеит. Сынтәа раԥхьаӡа акәны ашоу далахәхоит Самаратәи аопереи абалети ртеатр асолист Анастасиа Вечеркина.

Алахәылацәа реиԥш аҽаԥсахуеит апрограммагьы.

Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла аԥсуа публика гәахәарыла ирыдыркылоит еидкылоу аконцертқәа. Ирҭахуп еиуеиԥшым астильқәа, абыжьқәа, арепертуар раҳар.

Адраматә шоу GRAND OPERA GALA мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсуа драматә театр аҿы нанҳәа 7 — 13 асааҭ 19:00 рзы. Сынтәа иара иалахәхоит– Нана Черқьезиаԥҳа, Альдона Цкуаԥҳа, Елена Анқәабԥҳа, Алхас Ферзба, Саид Гобечиа, Самаратәи аопереи абалети ртеатр асолист Анастасиа Вечеркина, Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа ар Москватәи асимфониатә оркестр.

Ажәабжьқәа зегьы
0