Аԥсны дырӷьычит Интерпол зышьҭоу Урыстәыла атәылауаҩ

© Фото : Good News MissionМаксим Яковлев
Максим Яковлев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апрокуратура хада адыррала Аԥсны дырӷьычит Интерпол зышьҭоу Урыстәыла атәылауаҩ Максим Иаковлев.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада адыррала Аԥсны дырӷьычит Интерпол зышьҭоу Урыстәыла атәылауаҩ Максим Иаковлев. Иахьатәи аамҭазы иара дахьыҟоу аҭыԥ шьақәыргылам. Аԥсны апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба Sputnik иазеиҭеиҳәеит Максим Иаковлев дшырӷьычыз рашәарамзазы.

"Ашьаус хацыркуп. Гәдоуҭа араионтә прокуратура аусурақәа ирҿуп. Иахьатәи аамҭазы иара дахьыҟоу аҭыԥ шьақәыргылам", — иҳәеит иара.

Уаанӡа, аинформациатә ресурс "Фонтанка" адырра ҟанаҵахьан Санкт- Петербург Максим Иаковлев иӷьычра инадҳәаланы ашьаус хацыркуп ҳәа.

Иӡыз иԥҳәыс азинмчратә органқәа адырра рылҭеит лхаҵа Аԥсныҟа дахьцаз дшыӡыз азы.

Максим Иаковлев рашәара 20 рзы дыӡит. Аамҭақәак рышьҭахь иԥҳәыс илоуит ашәҟәы, 200 миллион мааҭ аԥара еизылгарцгьы адҵа анҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0