00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Афонаа Максим Иаковлев изкны: акыр дуаҩымын, шамахамзар аӡәгьы диҿцаауамызт

© YouTube/александр савчукМаксим Яковлев
Максим Яковлев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Интерпол зышьҭаз Урыстәылатәи абизнесуаҩ Максим Иаковлев Аԥсны дӷьычын 2018 шықәса рашәара 20 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik. Максим акыр дуаҩымын, шамахамзар аӡәгьы диҿцаауамызт ҳәа Sputnik иазеиеҭеиҳәеит зыхьӡ ӡырызгар зҭахымхаз Афон ҿыцтәи ауаҩԥсы.

"Иара шамахамзар асасааирҭа ддәылҵуамызт. Аиҳарак амшын ахь дныҟәон. Иԥсы ишьон", — иҳәеит иара.

Печать денежных купюр на фабрике ФГУП Гознак в Перми - Sputnik Аҧсны
Аԥсны апрокуратура хада: ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ ҭҵаауп

Максим уахьихәаԥшуаз аԥара рацәа змоу диеԥшымызт, егьырҭ дызларылукаауаз акгьы далаҟамызт.

"Зегь реиԥш деибыҭан. Ԥсшьаҩык иаабац дшыҟоу дыҟан. Иҟалап аҽалкаара иҭахымзаргьы", — иҳәоит ҳзыҿцәажәоз ауаҩы.

Максим Иаковлев даныӡыз амш аҽны ауаа дырбон адәқьан аҿы. Мызкы аҩныҵҟала иара имаршрут шамахамзар имԥсахцызт.

"Мчыбжьык ахь ҩынтә-хынтә дызбон аха аҭыԥантәиқәа дрылаҳәуамызт. Еснагь ихала дыҟан", — ҳәа еиҭалҳәоит ақалақь аҿы инхо аҽа ԥҳәыск.

Интерпол зышьҭаз урыстәылатәи абизнесуаҩ Максим Иаковлев дырӷьычит Аԥсны 2018 шықәса рашәара 20 рзы.

2018 шықәса рашәара 20 асааҭ 02:30 рзы Афон Ҿыц, Максим Иаковлев дзыҩназ ауадахь инеит зхаҭара шьақәыргылам асабардақәа зҿаз хҩык ауаа. Дара абџьарла еибыҭан.

Убри аамҭазы асасааирҭаҿы иҟаз ахьчаҩцәеи администратори роуп. Абџьар ахархәарала арҭ ауаа ршәаны ахьчаҩцәа руада иҩнаркит. Нас аномер 204 ахь ихалеит. Усҟан абри аномер аҿы дынхон Урыстәыла атәылауаҩ Иаковлев Максим Николаи-иԥа.

Ацәгьоуцәа ашә ҿжәаны Иаковлев ддәылганы дыргеит.

Максим Яковлев - Sputnik Аҧсны
Аԥсны дырӷьычит Интерпол зышьҭоу Урыстәыла атәылауаҩ

Ахҭыс инадҳәаланы аусҭҵаара нап аркын. Рҿахәы рҿыхын асасааирҭа аусзуҩцәа.

Уаанӡа, аинформациатә ресурс "Фонтанка" адырра ҟанаҵахьан Санкт- Петербург Максим Иаковлев иӷьычра инадҳәаланы ашьаус хацыркуп ҳәа.

Иӡыз иԥҳәыс азинмчратә усбарҭақәа адырра рылҭеит лхаҵа Аԥсныҟа дахьцаз дшыӡыз азы.

Максим Иаковлев рашәара 20 рзы дыӡит. Аамҭақәак рышьҭахь иԥҳәыс илоуит ашәҟәы, 200 миллион мааҭ аԥара еизылгарцгьы адҵа анҵаны. Ашәҟәаҿы аԥҳәыс илыдгалан аԥарақәеи лхаҵа иԥсҭазаареи реиҭныԥсахлара.

Максим Иаковлев акционертә еилазаара "Полиграфоформление" адиректор хадас дыҟан, иара убасгьы Кировтәи азауад акционерцәа реилазаара адиректорс дыҟан.

Sputnik Кыргызстан адыррақәа рыла Максима Иаковлев ахара идырҵоит еиуеиԥшым ацәгьоурақәа рзы. Уаанӡа иара Бишкек ақалақь аӡбарҭа латәарада ашьаус иқәнаҵахьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0