Аԥсны апрокуратура хада: ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ ҭҵаауп

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПечать денежных купюр на фабрике ФГУП "Гознак" в Перми
Печать денежных купюр на фабрике ФГУП Гознак в Перми - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Интерпол зышьҭоу урыстәылатәи абизнесуаҩ Максим Иаковлев дырӷьычит Аԥсны 2018 шықәса рашәара 20 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 19– Sputnik. Интерпол зышьҭоу урыстәылатәи абизнесуаҩ Максим Иаковлев дырӷьычит Аԥсны 2018 шықәса рашәара 20 рзы. Иаковлев дахьырӷьычыз ауадаҿы иԥшаан аҵәахырҭа маӡа. Уа аԥара рацәа рбеит. Аԥара ашаҳаҭцәа алархәны иԥхьаӡан иҳәеит Аԥсны апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.

"Аоператив-усҭҵааратә гәыԥ ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ ҭырҵааит, ауаа иразҵааит. Ишьақәыргылан ақәылыҩцәа хҩык шыҟаз. Урҭ ар рымаҭәа ршәын, асабрадақәа рҿан. Асасааирҭа аномер 204 агәаҭараан иазгәаҭан амаҭәа хара-бӷьара ишкажьыз, адашьмаҿы ашьаԥшшәы змаз ашәытақәа шаныз, ашьқаԥ аҵаҟа иаарԥшыз аҵәахырҭа маӡаҿы аԥара рацәа. Арҭ агәаҭарақәа зегьы ашаҳаҭцәа алахәын", — ҳәа азгәеиҭоит Амҷба.

2018 шықәса рашәара 20 асааҭ 02:30 рзы Афон Ҿыц, Максим Иаковлев дзыҩназ ауадахь инеиит зхаҭара шьақәыргылам асабардақәа зҿаз хҩык ауаа. Дара абџьарла еибыҭан.

"Убри аамҭазы асасааирҭаҿы иҟаз ахьчаҩцәеи администратори роуп. Абџьар ахархәарала арҭ ауаа ршәаны ахьчаҩцәа руада иҩнаркит. Нас аномер 204 ахь ихалеит. Усҟан абри аномер аҿы дынхон Урыстәыла атәылауаҩ Иаковлев Максим Николаи-иԥа", — иҳәеит иара.

Ацәгьоуцәа ашә ҿжәаны Иаковлев ддәылганы дыргеит.

Ахҭыс инадҳәаланы аусҭҵаара нап аркын. Рҿахәы рҿыхын асасааирҭа аусзуҩцәа.

Уаанӡа, аинформациатә ресурс "Фонтанка" адырра ҟанаҵахьан Санкт- Петербург Максим Иаковлев иӷьычра инадҳәаланы ашьаус хацыркуп ҳәа.

Максим Яковлев - Sputnik Аҧсны
Аԥсны дырӷьычит Интерпол зышьҭоу Урыстәыла атәылауаҩ

Иӡыз иԥҳәыс азинмчратә органқәа адырра рылҭеит лхаҵа Аԥсныҟа дахьцаз дшыӡыз азы.

Максим Иаковлев рашәара 20 рзы дыӡит. Аамҭақәак рышьҭахь иԥҳәыс илоуит ашәҟәы, 200 миллион мааҭ аԥара еизылгарцгьы адҵа анҵаны. Ашәәҟаҿы аԥҳәыс илыдгалан аԥарақәеи лхаԥа иԥсҭазаареи реиҭныԥсахлара.

Максим Иаковлев акционертә еилазаара "Полиграфоформление" адиректор хадас дыҟан, иара убасгьы Кировтәи азауад акционерцәа реилазаара адиректорс дыҟан.

"Ашьаус хацыркуп. Гәдоуҭа араионтә прокуратура аусурақәа ирҿуп. Иахьатәи аамҭазы иара дахьыҟоу аҭыԥ шьақәыргылам" — иҳәеит иара.

Sputnik Кыргызстан адыррақәа рыла Максима Иаковлев ахара идырҵоит еиуеиԥшым ацәгьоурақәа рзы. Уаанӡа иара Бишкек ақалақь аӡбарҭа латәарада ашьаус иқәнаҵахьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0