Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыгԥҳа Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш ныҳәа иазкны

© Sputnik, Томас ТхайцукНаала Хашиг
Наала Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изеиԥшрахозеи аҳҭнықалақь аҿы еиҿкаахо аныҳәатә программа, иарбан усмҩаԥгатәқәоу иазгәаҭахо, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадараҟны акультура аҟәша аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа.
Ҳашыг Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш ныҳәа иазкны

"Апрограмма зегьы мҩаԥысуеит Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы. Аха аныҳәа хацыркхоит Аԥсуа драматә театр аԥхьа, ахәыҷқәа аныҳәа атематикала акаҭранаҿ асахьа ҭырхуеит. Асахьаҭыхыҩ қәыпш далкаахоит. Анаҩс еиуеиԥшым аамҭаз аԥсуа бираҟ аҽшеиҭанакуаз аазырԥшуа аусмҩаԥгатә ҟалоит. Аҿар амилаҭтә шәҵатәыла рҽеибыҭаны имҩаныргоит абираҟқәа. Аҳәынҭкарратә музеи еиҿнакаауеит аетнографиатә цәыргақәҵа, иара убас ҳџьынџьуаа рнапала иҟарҵо ахаақәа ӡырыргоит, ажәлар агьама рбар ҟалоит. Еиҿкаахоит Ҭырқәтәылеи-Иорданиеи-Ҟарачы-Черкесски-Аԥсныи ртелемост. Аныҳәа усмҩаԥгатәқәа хыркәшахоит аконцерт ала", — ҳәа еиҭалҳәеит Ҳашыг арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0