Амармалташь ҧшшәы змоу азҵаара

© Фото : Flickr/M van ReeМраморный клоп
Мраморный клоп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаҳхысыз аҽаҩрақәа рыҭираан аимак-аиҿак зхылҿиаауаз араса ахәԥса акәызҭгьы, сынтәа амалаҳәагьы аӡәы иҭаххом ҳәа агәаанагара имоуп Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Сынтәатәи араса аҭагылазаашьа анхаҩцәа аҵыхәтәантәи аамҭазы изышьцылаз иеиԥшым. Иаҳхысыз аҽаҩрақәа рыҭираан аимак-аиҿак зхылҿиаауаз ахәԥса акәызҭгьы, сынтәа амалаҳәагьы аӡәы иҭаххом. Хаҭала Очамчыра араион иаҵанакуа ақыҭақәа рҿы аҭагылазаашьа акыр ихьанҭоуп. Араса ахаҭабзиара ахьҽеимхаз ауп уи зыхҟьо.

Очамчыра араион ахадара аекономикеи ақыҭанхамҩеи азыҧхьагәаҭаратә усбарҭа аиҳабы Ешсоу Гәыргәлиа иажәақәа рыла араса анапы ахьагхаз ауп ачымазарақәа зцәырҵыз.

Продажа ореха на рынке - Sputnik Аҧсны
Апты иацәынхаз: Аҟәатәи аџьармыкьаҿы араса шырҭиуа

"Шамахамзар аӡәгьы абӷьыжә ықәигаӡом, аҵлақәа ианаамҭо ишахәҭо еилаҳхӡом. Аӡбаара, ацәаакыра ҳаракы урҭ ианрыцлалакь ачымазара ҿиарц, еиҳа-еиҳа аҽарҭбаарц алшара аиууеит, — иҳәеит иара- амармалташь бты адагьы иҟоуп ачымазарақәа араса иаԥырхаго, ахаҭабзиара бжьызхуа. Иаҳҳәап "мучнистая роса" захьӡу акәыкәбаа чымазара. Ҳара ҳраион аҿы иҟоуп ааԥын зрасаҭрақәа зхәышәтәызгьы. Дара рҽаҩрақәа еиқәдырхеит ҳәа ҳҳәартә иҟоуп, аха урҭ рхыԥхьаӡара, зегьакоуп даара имаҷуп. Иара убас ҳара имҩаԥаҳгеит амармалташь бты аԥхьырҟәҟәаара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа. Қыҭацыԥхьаӡа анхаҩцәа ҳацырхырааны иҳаргылеит ацәҟьақәа, иаҳхәышәтәит ахәаҷа-маҷақәа еиҳа иахьеизо ақьаԥҭақәа", — иҳәеит Гәыргәлиа.

Ақыҭанхамҩатә культурақәа змырӷьацо ахәаҷ-маҷақәа раҧыхра аҧышәа уажәаҧхьагьы иҳаухьан, азгәеиҭеит иара.

Шықәсқәак раҧхьа зыӡбахә ҳамоу араионаҿ америкатәи аҧарҧалыкь ҳәа ҳзышьҭоу ахәаҷа араса ааха ӷәӷәа анаҭахьан. Иара 1985 шықәсазы раҧхьаӡакәны адгьыл иқәнагалеит. Ари ахәаҷа нхарҭа ҭыҧс иалнахуан ауаа ахьеиланхо, насгьы аӡы ахьыҟоу аҭыҧқәа. Уи аангьы абнақәа шамахак аҧырхага рынамҭеит.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны иахьаҵанакуа америкатәи аҧарҧалыкь ахыҧхьаӡара маҷхеит, аха иахьагьы уарла-шәарла акәзаргьы иаҳҧылоит. Амармалташь бты аҧыхраҿы сынтәатәи агхақәа ҽааны ирыцәцарц азы уи аҧышәа ииашаны ахы архәара ахәҭоуп.

Избан акәзар араса азҵаара ҳара ҳаилазаараҿы ганрацәала иқәыргылоуп, аҵакы ӷәӷәа амоуп. Аӡәы уи зынӡаскгьы ихьысӡом, аха даҽаӡәы ихы зланыҟәиго имамкәа дыннажьуеит. Ирацәаҩуп ԥарала араса зыҟәшәо, мамзаргьы ибжьахәаахәҭуа ауаа. Сынтәатәи ала дара зегьы усурада инхеит. Ари апроблема рнымԥшыр ауӡом ақыҭа школқәа ирҭо ахәыҷқәагьы. Араса иаҭнырхыз ала ауп анхаҩцәа жәпаҩык рхәыҷқәа ашкол ахь изларышьҭуа, ашәҵатәы, арҵага маҭәахәқәа уҳәа зларзаархәо.

Ииашоуп, арасаҟәшәара иацуп аџьабаа хьанҭа, аха анхаҩы изы уи цхыраагӡа дууп. Еиҳаракгьы аҵарашықәс алагамҭазы. Иуадаҩым аилкаара шаҟагьы ирзыхьанҭахо ахшара рацәа змоу анхацәа цәыббрамза ааигәахо ианалагалак.

Людмила Адлейба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Адлеиԥҳа: иаку ашколтә форма ахәыҷкәа еихьымԥшуа, еиҵамшьыцуа еиҟаранатәуеит

Ицәырҵит ашкол иадҳәалоу даҽа зҵааракгьы. Аҵаҩцәа зегьы еицырзеиԥшу ашәҵатәы ала еибырҭарц рыӡбеит, аха анхаҩы имоуп ихатәы зҵаара — изла?

Ари ахаԥшьгара аӡәгьы даҿагылаӡом. Аӡәгьы иҳәаӡом иаку ашкол форма ҽеиӡам ҳәа. Аха анхаҩы иҿаԥхьа ицәырҵыз ауадаҩрақәа ҳасаб рзуӡам. Ашәыр, ауҭраҭых, араса уҳәа анхацәа жәпаҩык руурақәа ԥхасҭахеит. Макьана еилкаам аџьықәреигьы иалҵуа.

Арҭ зегьы дырхыҳәҳәаны ибжьаратәу анхаҩгьы ахарџь алалара ицәыцәгьахоит, дҟалоит зынӡагьы зымч ақәымхо. Иара усгьы имариам анхаҩцәа рҭагылазаашьа еиӷьхарц азы арҭ азҵаарақәа ӡбашьак рыҭатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0