АҞӘА, нанҳәа 14— Sputnik. Украина аиустициа аминистерра "Магнитски исиа" аналог аԥҵара шырҭаху азы аҳәамҭа ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Павел Петренко иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Ииасыз амчыбжь азы Киев ашшра нанашьҭит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭахь (ЕСПЧ) Москва аганахь ала. Киев Москва иахаранаҵоит Урыстәыла иҭаку украинаа рзинқәа еиланагоит ҳәа.
Москва акәзар уи аҭакс иазгәанаҭеит иҭаку зегьы рмилаҭра иахьмырԥшыкәа рзинқәа кьыс рырҭом ҳәа.
"Ҳгәыӷуеит ЕСПЧ оперативла абри аус иахаҵгылап ҳәа. Уи адагьы ҳара жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рахь ажәадгала ҟаҳҵоит "Магнитски исиа" аналог аиҿкааразы", — иҳәеит Петренко апресс-конференциаҿы.
Украина жәларбжьаратәи аӡбарҭахь инанашьҭыз адокумент аҿы зыӡбахә ҳәо урыстәылатәи ачынуаа, Киев агәаанагарала иҭаку украинаа рзинқәа реилагара иалахәуп.
Еиду аштатқәа Магнитски изакәан ҳәа изышьҭо азакәан рыдыркылеит 2012 шықәсазы, "Матросская Тишина" аҟны иҭакныз Сергеи Магнитски —Hermitage Capital аиурист иԥсра зхароу ҳәа иршьоз рганахь ала.