АҞӘА, нанҳәа 17— Sputnik. Роспотребнадзор ашколтә форма шалхтәу азы абжьагарақәа ҟанаҵеит.
"Ииашамкәа иалху ацәашәҵатәы ма зхаҭабзиара лаҟәу еиуеиԥшым ачымазарақәа цәырнагар алшоит, иаҳҳәап ацәатә чымазарақәа реиԥш аимҳәачымазарагьы. Ацәамаҭәа иԥсабаратәу аматериалқәа ирылхызароуп, ахәыҷы изы шәарҭара аҵамзароуп", — ҳәа азгәарҭоит аусбарҭаҿы.
Роспотребнадзор аҿы иазааҭгылан иазгәарҭоит ахәыҷы изы ашколтә форма аахәараан еиҳарак изызхьаԥштәны иҟоу:
— аформа ахәыҷы изы иманшәалазароуп, аҳауа бзианы иалсуазароуп, ашоура ма ахьҭа дамкуазароуп;
— ашколтә формаз аԥхын еиҳа еиӷьны иҟоуп абымбеи ацәни ирылху аматериалқәа, аӡынразы – акашемири аласеи ирылхзароуп;
— ацәамаҭәа афҩы бааԥс ахымзароуп, аҭиҩы иакәзар иара иацу асертификат удигалозароуп;
— уи адагьы аформа рацәак иҭбаамзароуп иара убасгьы иҭшәамзароуп – уцәа иақәшәо иҟазароуп.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны еиҳа излацәажәо атемақәа ируакуп азеиԥш школтә форма азҵаара. Аҵарашықәс ҿыц инаркны аԥснытәи ашколқәа зегьы рҿы иалагалазароуп ашколтә форма.