Урыстәылаа еиҳа бзиа ирбо иапониатәи автомашьынақәа рыхьӡ рҳәеит

© flickr.com / Toyota Motor EuropeToyota Camry
Toyota Camry - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареитинг аҿы аԥыжәара аиуит бизнес-седан Toyota Camry. Сынтәатәи ашықәс ҳҭалеижьҭеи иара аархәахьеит 14 нызқьҩык ауаа.

АҞӘА, нанҳәа 17— Sputnik. Аналитикцәа иаздырхиеит урыстәылауаа еиҳа бзиа ибаны иаархәо иапониатәи автомашьынақәа рреитинг ҳәа аанацҳауеит МИР-24 амаҵзура "Автостат" адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ареитинг аҿы аԥыжәара аиуит бизнес-седан Toyota Camry. Сынтәатәи ашықәс ҳҭалеижьҭеи иара аархәахьеит 14 нызқьҩык ауаа. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит кроссовер Toyota RAV4(13, 4нызқь машьына ҭиуп), 3-тәи аҭыԥ — Mitsubishi Outlander (11,3 машьына ҭиуп)

Иара убасгьы аԥхьатәи ажәаба рахь иаҵанакит: Nissan X-Trail, Qashqai, Mazda CX-5, Toyota Land Cruiser Prado, Datsun on-DO, Nissan Terrano, Nissan Almera.

Ажәабжьқәа зегьы
0