Асценатә бызшәеи уи аҭагылазаашьеи

Анапаҵаҩра
Аԥсуа драматә театр асценаҿынтә иахьа иуаҳауа абызшәа ацқьареи, зеиԥшла ацәажәаратә культуреи иахьа ирҭагылазаашьоу далацәажәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Адраматә театр ҳәа изышьҭоу аҿы, актиортә ҟазара инаваргыланы даара акрызҵазкуа акәны иҟоуп асценатә бызшәа.

Атеатртә институтқәа рҿы аҵара зҵоз зегьы ирдыруеит, уи ихадоу маҭәарны ишыҟоу.

Ииашаны, ацәажәара, ауаҩы ииҳәо еилыкка аҟазаара аполитикаҿгьы акыр ихадоуп, ажәытә Бырзентәыла ҿырԥштәыс иаагозар, ацәажәаратә культура акыр иацклаԥшуан, уимоу, еиҳа еиӷьны ақәгылара мҩаԥызго ҳәа еиндаҭлон.

Зрители - Sputnik Аҧсны
Атеатр алакҭа иҭамԥшыц

Ацәажәартә культура зехьынџьара ихадоуп, арҵаҩраҿы, ажурналистраҿы уҳәа, зехьынџьара ауаҩы иажәаҳәа еснагь еилыкка иҟазароуп. Аха, иҟоуп занааҭқәак уи зынӡа ихаданы, ада ԥсыхәа амамкәаны иахьыҟоу, убарҭ ируакуп актиортә ҟазара, иара убри азоуп, ари азанааҭ азы аҵара здырҵо, ражәаҳәатә ҭагылазаашьа икылкааны изацклаԥшуа.

Сара ибзианы сырхаануп, аԥcуа театр акорифеицәа ҳәа изышьҭаз Минадора Зыхәԥҳа, Леуарса Касланӡиа реиԥш иҟоу, урҭ инарыгӡоз ррольқәа инарываргыланы, рцәажәашьа, уи иацырҵоз аинтонациа уҳәа рыла, ахәаԥшҩы дхырхуан.

Асовет аамҭазы, аԥсшәа бзианы иззымдыруаз, мамазаргьы, зажәаҳәа аԥықәслара амаз атеатртә институт аҭаларазы рымҩа аркын, избанзар, асценатә бызшәа актиортә ҟазараҿы, ароль анагӡараҿы зда ԥсыхәа амам ирхыԥхьаӡалоуп.

Исгәалашәом аԥсуа театр аҿы збызшәеи зцәажәашьеи хьысҳаз, иҟазаргьы — ароль хадақәа, ароль уадаҩқәа рааигәара анеира рцәыуадаҩын. Аԥсшәа азымдырреи, ииашамкәа ацәажәареи гәаҳҭо ҳалагеит аибашьра ашьҭахь атеатр азы аҭыԥан иазыҟарҵо, мамзаргьы Урыстәылаҟа аҵарахьы ирышьҭуа ианалага ашьҭахь. Уи убоит аспектакльқәа уанырҭаауа.

Абхазский драмтеатр - Sputnik Аҧсны
Атеатртә хынҭа-ҩынҭара, мамзаргьы аӡә аҳра ирҭон, аха изнацәкьыск ала мап икуан

Абарҭқәа рыдагьы, ибзиаӡаны абызшәа здыруагьы, рцәажәашьа аҽеиҭанакуа иалагеит, ирҳәо умаҳауа, аспектакль ахы инаркны аҵыхәанӡа ауҟьанчаҟьанбжьы астиль ала асценаҿы ацәажәаратә культуара шыҿио гәаҳҭо ҳалагеит.

Иаҳбоит иара убас, иахьатәи аԥсуа театр иаҵагылаз аҿар, рбызшәа аԥықәслара дуи, абызшәа ахаҭа ихьысҳаны адырреи шырныԥшуа. Ас иҟалазар, хымԥада арҵаратә процесс аҿы, ари амаҭәар хырҩа азун, уи адагьы, атеатртә занааҭ азы аҿар аналырхуа рбызшәа аҩаӡара иацклаԥшуамызт ауп иҟалаз.

Сантк-Петербурги Москвеи аҵара зҵоз рахьтә инеибеиԥшны зегьы аԥсшәа ишахәҭоу ирыздыруам, уи атәы рҳәоит дара аҵара дзырҵоз арҵаҩцәагьы.

Аԥсуа театр азы аҿар ахьазыҟарҵоз Б. Шьукин ихьӡ зху атеатртә институт аректор Евгени Книазев Аԥсны ахада даниԥылоз иазгәеиҭахьан, уа аҵара зҵо зегь аԥсшәа шырзымдыруа, уи азы ҷыдала арҵаҩы дшырҭаху. Уи шьақәнарӷәӷәоит С. Ҷанба ихьӡ зху атеатр азы ишьҭыз астудентцәа арахь ианыгьежьуаз урысшәала аспектакль ахьықәдыргылаз.

Аспектакль "Софичка" (Ф Искандер иҩымҭа, ақәыргылаҩ — Е. Одинцова) иаҳнарбеит ихәмаруаз аҿар рыбжьара ибзианы аԥсшәа здыруа шыҟоу еиԥш, иззымҳәозгьы шалаз, иара абасҵәҟьоуп аҭагылазаашьа шыҟоу Санкт-Петербург иалгаз аҿар рыбжьарагьы.

Араҟа, авба заҳҭар зылшо ианцоз иалзыԥшаауаз роуп. Аибашьра ҟалаанӡа аԥсуа ҿар Қарҭтәи атеатртә институт ахь ирышьҭуан, иалганы ианаауазгьы рдимпломтә спектакльқәа ԥсышәала акәын ишықәдыргылоз, уи азы уаҟа асценатә бызшәазы ацхыраара ҟазҵоз арҵаҩы дыҟан, насгьы ирышьҭуаз зегьы шамаха абызшәа бзиаӡаны ирдыруан.

Ҳазҭагылоу аамҭазы атеатртә ҟазара акыр аҽышьҭнахуа иалагеит, Аҟәа иҟоу атеарқәа уажәы-уажә апремиерақәа ҳадыргалоит, ахәаԥшцәагьы маҷ-маҷ атеатртә культура иаднаԥхьало иҟалеит, аха хаҭала гәадурас иҳамоу аԥсуа театр аҩаӡара ҳазхәыцуазар, актиорцәа бзиақәа рыла еиҵаҩҩы иҟоуп уҳәаратәы ишыҟоугьы, асцентә бызшәазы ахьысҳара ду анаҳбаалоит.

Зегь раԥхьаӡа игыланы ахәаԥшҩы лаҳасабала иазгәасҭарц сҭахуп, атеатр аремонт аныҟарҵа ашьҭахь, абжьныҩра шхьысҳахаз, ибзианы ицәажәо актиоргьы ибжьы атеатр апартери, хыхьтәи аиарусқәа рҿы итәои ишақәнаго ирызнеиуам, убарҭқәа рнаҩсан, исҳәарц сылшоит ҳтеатр анкьа иамаз асцентә бызшәа аҩаӡара лаҟәит ҳәа.

Агәаҭара уадаҩым актиорцәа ҿарацәа абжьықәыӷәӷәарақәа ииашаны ишыҟарымҵо, насгьы инеибеиԥшны аӷьра зцу аинтонациа шьҭырхит аԥышәа змоу актиорцәагьы.

Ада Кварчелия - Sputnik Аҧсны
Кәарҷелиаԥҳа: ҳапроектқәа рҳәаақәа ҭбаауп, шьаҭасгьы ирымоу абызшәа арҿиароуп

Актиор ииҳәогьы, инеиааирагьы еилаӡҩазароуп, ароль анагӡараҿы абызшәатә пластикеи ацәеижьи гармониала еилысуазароуп, усҟаноуп асценаҟынтә иубо ахәмарра агәра ануго.

Ҟалашьа амаӡам, аперсонаж аспекатакль ахы инаркны аҵыхәанӡа аӷьра амотив ала дымҩасуа. Згәы иалсуа дҟаларгьы, аԥсышәала аус зуа атеатрқәа рҿы иазхьаԥшроуп асценатә бызшәа, избанзар, адрамтә театри абызшәеи еиҟәыҭхашьа рымам. Аабыкьа аԥсуа театраҿ сахәаԥшуан С. Мрожек иҩымҭала иқәыргылоу аспектакль "Шьапыла"(ареж. В. Ақаҩба). Аспектакль режиссиортә концепциала ишеиқәыршәогьы, атема ахаҭа акыр ишаҳзааигәоугьы, ахәаԥшҩы лаҳасабала еилыкка зыбжьы саҳауаз актриса Т. Гамгиаԥҳа лоуп, егьырҭ асцена иқәыз рӷьырак ирҳәоз аилкаара уадаҩын, избанзар, абызшәатә хықәкы иақәнагоу ала аус азуым, еиҭасҳәоит, аӷьра зцу, еилыргашьа змам мотивла иааҩуеит азал ахь актиорцәа ражәа.

Аԥсуа театр егьырҭ аспектакльқәагьы ирныԥшуеит абызшәатә хьысҳарақәа, Г. Лорка "Бенард Альба лыҩны"(ареж. М. Аргәынԥҳа) захьӡу аҿы ихәмаруа аҿар рацәаҩуп, араҟагьы урҭ ражәа ԥсабаратәым, иубоит уи аганхь имаҷны рхы аус шадыруло. Аиҳабыратәи абиԥара иаҵанкуа актиорцәа рахьтә, ҿырԥштәыс иаагозар Ц. Инаԥшьԥҳа, И. Арухаа рбызшәагьы бзиоуп, ирҳәогьы еилыкка иуаҳауеит.

Алкаа ҟаҳҵозар, аԥсуа театр иахьа иамоу абызшәатә уадаҩрақәа егьырҭ азанааҭқәагьы ирныԥшуеит, уахьынаԥшааԥшуа иубоит ииашамкәа иҩу ажәақәа, ииашамкәа иҳәоу ашьҭыбжьқәа. Ус иҟазаауеит аԥсуаа ҳбызшәатә хдырра шьҭыҵаанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0