Еиҟәшахаз ақыҭа: Џьгьарда ауааԥсыра ибгаз ацҳа ишықәсуа

Анапаҵаҩра
Амшцәгьа иахҟьаны Џьгьарда ақыҭа Џьынџьалаа рҳабла ашҟа уназго ацҳа бгеит.

Нанҳәамза 10 рзы ақәа алеира иахҟьаны Џьгьарда ақыҭа Џьынџьалаа рҳабла ашҟа уназго ацҳа ахәҭак бгеит, аҟәара наскьеит. Убри аҟнытә, ауаа џьара изымцо-изымаауа инхеит.

Џьгьардаа рыцҳа агоижьҭеи абар уажәшьҭа ԥшьынтәуп, шықәсқәак ирылагӡаны. Џьынџьалаа рҳабла аҟны инхо ауаа ишырҳәо ала, ацхыраара рмоур рхатәы мчқәа рыла ацҳа аиҭашьақәыргылара рылшом.

Еҭери Џьынџьал излалҳәо ала, аӡхыҵра аныҟала аҽны Аҟәа дыҟан, аҩныҟагьы агьежьра лгәы иҭан, аха ацҳа аӡы иагеит ҳәа адырра анлырҭа хымш лыҩныҟа дзымгьежькәа дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0