Урыстәыла аҵара иҭало аԥсуа курсантцәа рҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукПринятие присяги курсантами, поступившими в военные ВУЗы России
Принятие присяги курсантами, поступившими в военные ВУЗы России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу арратә ҵараиурҭақәа сынтәа ирҭалеит 56-ҩык аԥснытәи акурсантцәа.

АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу арратә ҵараиурҭақәа сынтәа ирҭалеит 56-ҩык аԥснытәи акурсантцәа. Урҭ иахьа Ахьӡ-аԥша Амемориал аҿаԥхьа аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыргеит.

Ари амш рыдиныҳәалеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба.

"Аҩызцәа, акурсантцәа, иахьа шәара шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа аҭоуба шьҭашәҵеит. Атәылахьчара аминистрра шәара акыр ишәықәгәыӷуеит, иақәгәыӷуеит аҵара ишахәҭоу еиԥш ишәҵалап, адисциплина аганахь алагьы шәҿырԥшыгахап ҳәа. Аамҭа ииасуеит, шәҵараҵарагьы хшәыркәшашт. Шәаргьы аррамаҵзура ахысразы архәҭақәа рахь шәнеиуеит. Аҵара аҵара мариахом, аха уи шәаԥхьаҟатәи шәыԥсҭазаараҿы иҵоурахоит", — иҳәеит иара.

Ҵәыџьба ҭабуп ҳәа реиҳәеит акурсантцәа азыҟазҵаз аҵаратә центр анапхгареи афицарцәеи.

"Арратә занааҭ алызхыз зегьы ишәыдысныҳәалар сҭахуп. Амҩа иаша шәықәуп. Иахьатәи аҭоуба ажәақәа ԥхьаҟагьы ишәымҩанызахап ҳәа сақәгәыӷуеит. Аруаҩ иажәа еснагь иажәоуп. Ақәҿиарақәа шәымаз", — лҳәеит акурсантцәа руаӡәк иан, Елеонора Кәаӷәаниа.

Атәылахьчара аминистрра аҵаратә центр аиҳабы Анри Барцыц иҳәеит аԥышәарақәа қәҿиарала изҭииз зегьы аминистр идҵала Атәылахьчара аҵаратә центр ишахыԥхьаӡалахаз.

Призывники Абхазии почтили память погибших в грузино-абхазской войне - Sputnik Аҧсны
Арра инарыԥхьаз Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

"Ацентр аҿы имҩаԥысуан аплантә зыҟаҵарақәа. Ҳара имҩаԥаагеит актәи аетап. Акурсантцәа Урыстәыла иреиӷьу арратә ҵараиурҭақәа ирҭалеит. Арахь иаҵанакуеит: Москватәи азеиԥшкомандатә ҵараиурҭа, Москватәи арратә университет, Арра-медицинатә академиа, Арра-ҳаиртә академиа", — ҳәа иҳәеит Барцыц.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит арратә ҵараиурҭақәа ишырҭалаз хәҩык аҭыԥҳацәа.

"Аҭыԥҳацәа рхы дырхеит Арра-медицинатә академиахь, иара убас Москватәи арратә университет ахь. Аҵара иҭалаз зегьы рҭыԥқәа рахь инеироуп нанҳәа 30 рзы. Цәыббра 1 азы аҵара хацыркхоит", — иҳәеит иара.

Борис Бигәаа дҭалеит Краснодартәи аԥырратә ҵараиурҭа. Иара иҳәоит дхәыҷаахыс атехника бзиа ишибоз.

"Уаҟа аҵара рҵоит сҩызцәа. Саргьы аинтерес шьҭысхит, сҭаларц сыӡбеит. Иагьсылшеит", — ҳәа иҳәоит иара.

Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу арратә ҵараиурҭақәа сынтәа ирҭалеит 56-ҩык аԥснытәи акурсантцәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукПринятие присяги курсантами, поступившими в военные ВУЗы России
Принятие присяги курсантами, поступившими в военные ВУЗы России - Sputnik Аҧсны
Принятие присяги курсантами, поступившими в военные ВУЗы России

Ажәабжьқәа зегьы
0