Андраник Миграниан: ажәлар зегьы ириааиит

© Sputnik / Томас ТхайцукАндраник Мигранян
Андраник Мигранян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 22 рзы Жәларбжьаратәи аконференциа "10 лет признания: итоги и перспективы" аатит Аҟәа. Иара мҩаԥыслоит ҩымш рыҩныҵҟа. Аконференциа еиҿнакааит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

АҞӘА, нанҳәа 22— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа жәлар иааишьа змамыз иаиааирц рыӡбан — ирылдыршеит, иҳәеит аконференциаҿы аполитолог, аҭоурых наукақәа ркандидат Андраник Миграниан.

Алексей Павловский - Sputnik Аҧсны
Павловски: Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарра аҿиара аинтерес азамоуп

"Афранцуз револиуциа аамҭақәа раан иҟан алозунг "Шәреалистха. Излымшо шәҭахха "ҳәа. Убас аԥсуа жәларгьы излымшаша алдыршеит. Аԥсҭазаараҿ усеиԥш ҟалалоит", — иҳәеит Миграниан.

Миграниан игәалаиршәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ашықәс аихшьаалақәа шыҟаиҵоз.

"Сара исгәалашәоит Мраҭашәара Косово азхарҵар, Урыстәылагьы Аԥсны азхаҵара еиҳа иазымариахоит ҳәа. Ус шакәызгьы Саакашвили иавантиура акәымзар, уи аус аӡбара акыр иуадаҩхон. Урыстәыла ацәгьоуцәа ахьнархәыр акәхеит, уи ашьҭахь аԥсуеи ауаԥси жәларқәа риашара иадгылеит", — иҳәеит иара.

Аполитолог иҳәеит агәахәара ду шинаҭо иахьазы ара иҟазаара.

"Ирацәаҩуп амилаҭтә хақәиҭра иалахәыз аханатә издыруеижьҭеи. Ҳара ҳаицгәырӷьон аԥсуаа ргәамч ԥкыра шамоуаз анаабоз", — иҳәоит иара.

Ажәытәӡа зны иуцәыӡыз ахьыԥшымра аиҭархынҳәра гәырӷьара дууп ҳәа ишьоит Миграниан.

"Иазгәасҭар сҭахуп Аԥсны ахьыԥшымра раԥхьа иргыланы изыбзоуроу аԥсуа жәлар шракәу. Иара убасгьы иазгәаҭатәуп ажәлар раԥхьагыла, ауаҩ ҟәыш, агәымшәа Владислав Арӡынба илагала хәшьара шузамҭо. Уи ажәлар драԥхьагылаҵәҟьан", — иҳәеит Миграниан.

Аполитолог иара убасгьы иҳәеит Аԥсны азхаҵараҿы акыр шаҵанакыз Урыстәыла жәлар реилазаара рпозициа.

Конференция к 10-летию независимости Абхазии - Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи аконференциа аатит Аҟәа

"Аиашара аиааира агеит. Аиашара иашьҭаз ажәлар ирыдгылеит. Иара убасгьы иазгәасҭар сҭахуп Саакашвили ирольгьы. 14 шықәса раԥхьа "Известиаҿ" ианын с-статиа "Саакашвили добивается независимости Абхазии и Южной Осетии". Уи адунеи ирбгошәа данықәгыла сыстатиа Сергеи Лавров изысышьҭит. Иара уи аинтерес аҵоуп ҳәа ахиҳәааит", — ҳәа игәалаиршәоит Миграниан.

Аконференциа иалахәуп Аԥсны, Урыстәыла, Германиа, Великобританиа, Швеицариа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи аполитологцәа.

Аконференциаҿ иӡыргахоит жәларбжьаратәи аиҿкаара PROAbkhazia. Аиҿкаара иахықәкуп Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара.

Жәларбжьаратәи аконференциа"10 лет признания: итоги и перспективы" аатит Аҟәа. Иара мҩаԥыслоит ҩымш рыҩныҵҟа. Аконференциа еиҿнакааит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Ажәабжьқәа зегьы
0