Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини иахьа Москва еиԥылоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковский Кремль. Угол Кремлевской набережной и площади Васильевский спуск. В центре - Беклемишевская башня.
Московский Кремль. Угол Кремлевской набережной и площади Васильевский спуск. В центре - Беклемишевская башня. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳəамза 24 рзы Аԥсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва иусуратә ныҟәараан Урыстəылатəи Афедерациа Ахада Владимир Путин диԥылараны дыҟоуп.

АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Нанҳəамза 24 рзы Аԥсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва иусуратә ныҟәараан Урыстəылатəи Афедерациа Ахада Владимир Путин диԥылараны дыҟоуп ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

"Аиԥылараан Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини алацәажәараны иҟоуп аҩ-тәылак русеицуреи, ԥхьаҟатәи реизыҟазаашьақәа рыҿиашьеи", — ҳәа аҳәоит асаит аҟны.

Андраник Мигранян - Sputnik Аҧсны
Андраник Миграниан: ажәлар зегьы ириааиит

2014 шықәса рзы имҩаԥысит Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини раԥхьатәи реиԥылара. Усҟан дара рнапы аҵарҩит Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩын Путин шәачатәи ирезиденциа "Бочаров ручей" аҿы абҵара 24, 2014 шықәса рзы.

Аҩбатәи аиԥылара мҩаԥысит лаҵарамза 15, 2015 шықәса рзы, Шәача. Аиԥылараан азхьаԥшра аҭан Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа рынагӡара шымҩаԥысуа.

Аԥсныи Урыстәылеи аекономикеи ашәарҭадареи русхк аҟны реинырра иалацәажәан Москва, жәабран 18, 2016 шықәса рзы.

Пицунда, нанҳәа 8, 2017 шықәса рзы имҩаԥысит аԥшьбатәи аиԥылара. Усҟан напы аҵаҩын Амедицинатә ԥгаԥса аиҿкаара аусхк аҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра.

Нанҳəамза 24 рзы Аԥсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва иусуратә ныҟәараан Урыстəылатəи Афедерациа Ахада Владимир Путин диԥылоит.

Аԥсны Аҳəынҭқарра Ахада напхгра ззиуа аделегациа иалахәуп: аԥыза-министр Геннади Гагəлиа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц, Афинансқəа рминистр Џьансыхə Нанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0