Роза Ажьиԥҳа: Аусураҟны сзыԥсахуа дысҭахуп

© Sputnik / Саида ЖибаРоза Ажиба
Роза Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
50 шықәса инарзынаԥшуа Гагра араион ахәыҷқәа амузыка рылааӡараҿы аџьабаа збахьо, урҭ рахьтә 25 шықәса Пицундатәи амузыкатә школ аиҳабыс иахагылоу Роза Спиридон-иԥҳа Ажьиԥҳа агәаҳәара дуӡӡа аалырԥшуеит, амузыка азанааҭ иазҟазоу, згәы азыбылуа, узықәгәыӷуа ауаҩы лмаҵураҟны диԥсахырц.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Роза Ажьиԥҳа Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ даналга, дҭалоит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә амузыкатә ҵараиурҭа (иахьа Чычба ихьӡ зху), ахородирижиортә ҟәша.

"60-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы ҳтәыла еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рҟны аус зуаз аԥсуа рҵаҩцәа, аҵарауаа, ақыҭатә школқәа ирылсны, ҳмилаҭтә ҿар аарыԥхьон аҵарахьы. Саргьы, Алексеи Чычба ибзоурала, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа сҭалеит. Хымԥада, аҵара ҵара уадаҩын, убри аҟнытә сҭырцар ҳәа сшәаны уахи-ҽни сҽазыҟасҵон", — лҳәоит Роза Спиридон-иԥҳа.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
"Амузыкатә ԥхынра": Пицунда есымчыбжьы ауарӷантә концертқәа мҩаԥысуеит

Қәҿиарала аҵара хыркәшаны, 1970 шықәсазы, Роза Ажьиԥҳа аусура даарышьҭуеит Гагратәи амузыкатә школ ахь, асольфеџьио амҩаԥгаразы.

"Усҟан, араҟа аиҳабыс иҟаз, иахьа Аԥсны Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы зманы ирдыруа, адунеи зыԥсаххьоу ҳкомпозитор ду Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа иакәын. Иара аԥсуаа аусура раагара, аԥсуа хәыҷқәа амузыка радыԥхьалара хықәкы хадас иман. Сара схаан, иааиз арҵаҩцәа иреиуан Мери Ҷанԥҳа, Лиудмила Цыгәԥҳа", — ҳәа азгәалҭоит лара.

1984 шықәсазы, лҭаацәаратә ҭагылазаашьа иахырҟьаны, Роза Спиридон-иԥҳа аусура диасуеит Пицундатәи амузыкатә школ ахь.

"Пицундаҟа нхара ҳанааи, Гагра снапы злакыз аус араҟагьы иацысҵеит. Уи аамҭазы Баграт Аҳмаҭ-иԥа аҭыԥантәи амузыкатә школ аиҳабыс даарышьҭхьан. Баграт Багаҭелиа иеиԥш иҟоу азҟаза ду инапхгарала аусура разҟыс исымазаарын, уи азы ҳазшаз иҭабуп ҳәа иасҳәоит", — ҳәа азгәалҭоит Роза Ажьиԥҳа.

Шықәсқәак ааҵуаны, Баграт Аҳмаҭ-иԥа ари амаҵураҟны диԥсахуеит Вахтанг Ҳагба.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Пицундатәи амузыкатә школ аҭагылазаашьа даараӡа иуашәшәырхеит, аха зегь акоуп иаанхаз ԥшьыҩк арҵаҩцәа рымчала, аԥсеивгара иалагеит. 1993 шықәсазы, иара напхгара алҭо далагеит Роза Спиридон-иԥҳа.

© Фото : Саида АжибаРоза Ажиба
Роза Ажиба - Sputnik Аҧсны
1/6
Роза Ажиба
© Фото : Саида АжибаРоза Ажиба
Роза Ажиба - Sputnik Аҧсны
2/6
Роза Ажиба
© Фото : Саида АжибаРоза Ажиба
Роза Ажиба - Sputnik Аҧсны
3/6
Роза Ажиба
© Фото : Саида АжибаРоза Ажиба
Роза Ажиба - Sputnik Аҧсны
4/6
Роза Ажиба
© Фото : Саида АжибаРоза Ажиба
Роза Ажиба - Sputnik Аҧсны
5/6
Роза Ажиба
© Фото : Саида АжибаРоза Ажиба
Роза Ажиба - Sputnik Аҧсны
6/6
Роза Ажиба
1/6
Роза Ажиба
2/6
Роза Ажиба
3/6
Роза Ажиба
4/6
Роза Ажиба
5/6
Роза Ажиба
6/6
Роза Ажиба

"Аибашьра ҟалаанӡа, амузыкатә школ аколлектив шьақәгылан 15-ҩык арҵаҩцәа рыла, ааӡамҭацәа 70-ҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара наӡон. Аамҭа хьанҭақәа раан, амузыка азанааҭ бзиа избоз Тамара Карабач, Светлана Завелеискаиа, Надежда Одинцова, нас сара, хәыда-ԥсада акраамҭа аус ҳуан, абжьаратә школқәа ҳарҭааны ахәыҷқәа ааԥхьара раҳҭон. Убасҟан иҳалшеит 20-ҩык аҵаҩцәа реидкылара. Аҭаацәа ракәзар, ҳааԥсара пату ақәырҵон, дара ирдыруан уалафахәыда ҳшыҟаз, убри аҟнытә, аҭагылазаашьа анрымаз, "чак ахә" ҳџьаба инҭарҵон", — илгәалалыршәоит амузыкатә школ аиҳабы.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Хьыбла Гьерзмааԥҳа: Иурмала Пицунда сгәаланаршәоит

Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа, еиҳа-еиҳа амузыкатә школ шьақәгыло иалагеит. Уи аҿы ацхыраара ду аадырԥшит Аԥсныи Урыстәылеи Жәлар рартистка, аоператә шәаҳәаҩы Хьылба Гьерзмааԥҳа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ауарӷанрҳәаҩы Лука Гаделиа.

"Хьыбла Гьерзмааԥҳа Пицундатәи ауахәамаҟны агәыҳалалратә концерт мҩаԥганы шәнызқь мааҭ аԥара ҳалҭеит, ҳара ҳаушьҭымҭа Лука Гаделиа иакәзар 50 нызқь. Арҭ аԥарақәа рхархәарала, даҽа 50 нызқь нацҵаны аелектропианиноқәа ҩба ааҳхәеит", — еиҭалҳәоит Роза Спиридон-иԥҳа.

Иахьа араҟа аҵара рҵоит 50-ҩык амузыкантцәа қәыԥшцәа. Дара ироуа азанааҭқәа иреиуоуп "афортепиано", "авокал". Аҵаҩцәа ирзааԥсоит быжьҩык арҵаҩцәа. Аушьҭымҭацәа реиҳараҩык рҵара иацырҵоит аҳәаанхыҵ.

"Рылҵшәақәа ҳреигәырӷьоит Лука Гаделиа, Саид Габечиа, урҭ уажәшьҭа узықәгәыӷша, захьӡ хара ицо артистцәоуп, убас аҟазаратә амҩа ду ианылеит Барас Кәыџба, Георги Барганџьиа", — инаҵылшьит амузыкатә школ аиҳабы.

Роза Спиридон-иԥҳа ашкол анапхгара аҭара анаҩс, иахьа уажәраанӡагьы имҩаԥылгоит асольфеџьио.

Лука Гаделия. - Sputnik Аҧсны
Лука Гаделиа Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵоуп

Пицундатәи амузыкатә школ ааӡамҭацәа, иарбан ныҳәазаалак, рықалақь аҩнуҵҟеи, Гагра араиони, ареспубликатә ҩаӡарақәеи змоу аконкурсқәеи, афестивальқәеи рхы рыладырхәоит, аԥхьахәтә ҭыԥқәагьы ааныркылоит.

"Есышықәса аконцертқәа жәпакы еиҿаҳкаауеит. Ҳашкол ахыбраҟны, есымза аҭаацәа идҳарбоит рхәыҷқәа реихьӡарақәа, шықәсыбжак зны, ҩаԥхьа дара рзы имҩаԥаагоит инеиҵыху аконцерт. Убас Ашықәс ҿыц, Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш уҳәа Пицунда ақалақь ахадара рыцхыраарала, ауахәамаҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы аконцертқәа еиҿаҳкаауеит", — лҳәоит Роза Ажьиԥҳа.

Пицундатәи амузыкатә школ аҭагылазаашьа акәзар, ашықәсқәа ирылагӡаны ашәқәеи, аԥенџьырқәеи бааит. Урҭ рыԥсахра хымԥадатәиуп.

"Пицундатәи ауахәама ашҭа уанааҭало, архитектуратә хыбра аԥшӡара уаршанхозар, аганахь ухы уҩахар, угәаанагара уԥсахуеит. Избанзар, еилабааз ҳԥенџьырқәа уахь ауп иахьԥшуа. Иҟоуп ҳгәы иахәаз ахҭысгьы, аԥхынра алагамҭазы, Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра ахатәы мчла, амузыкатә школ ахыб аԥсахра нап адыркит, аҵарашықәс ҿыц азы аусурақәа хыркәшахоит", — ҳәа ҳаиллыркааит Роза Спиридон-иԥҳа.

© Фото : Саида АжибаРоза Ажиба
Роза Ажиба - Sputnik Аҧсны
Роза Ажиба

Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Гьаргь-иԥа Хәынҵариа ихьӡ зху, Пицундатәи амузыкатә школ аиҳабы Роза Ажьиԥҳа агәаҳәара дуӡӡа аалырԥшуеит, лмаҵураҟны дзыԥсахуа ауаҩы дааирц.

"Сара уажәшьҭа сықәрагьы маҷым. 50 шықәса иалагӡаны, ахәыҷқәа амузыка рылааӡараҿы исылшоз зегь ҟасҵеит, уажәшьҭа ишақәнагоу еиԥш тәанчара сцар сҭахуп. Иҟалозар дысзаиааит азанааҭ бзиа избо азҟаза, сивагылоит, аус исырбоит, исырҵоит", — ҳәа аҳәара ҟалҵоит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0