"Ихынҳәыз" аибашьцәа: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалаӡыз рлахьынҵа еилкаахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПоездка в села ткуарчалского райна в рамках проекта "Возвращение имени"
Поездка в села ткуарчалского райна в рамках проекта Возвращение имени - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахьӡ архынҳәра" ҳәа хьӡыс измоу апроект аетап ҿыц иазку апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҟны ахаша нанҳәа 29 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik, Аинар Ҷыҭанаа. Аԥсны атәылахьчара аминистрра ацхыраарала еиҿкааз апроект "Ахьӡ архынҳәра" апресс-конференциа рхы аладырхәит уи анапхгаҩы Григори Скворцов, ажурналист Роберт Авџьан.

Григори Скворцов дрылацәажәеит апроект аԥҵара амзыз хадақәа.

"Ари аҭоурых ашьапы кын 2012 шықәсазы. Усҟан Роберт Авџьан Австриатәи аконцлагерь "Маутхаузен" аҳәаақәа рҿы аԥсуаа рыжырҭақәа рыԥшаара илшеит. Иахьа ишәыдаагало аматериал иҳаҩсыз ашәышықәса 1944-1945-тәи ашықәсқәа ирыҵанакуеит. Излашьақәҳаргылаз ала алагерқәа рахь ишьҭыз ауаа рлахьынҵа заанаҵы иӡбан. Аха аиашаҵәҟьа ҵәахын, офицалла хабарда ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалан. 2007 шықәсазы Урыстәыла ахада Владимир Путин инапынҵала афашистцәа рлагер иҭакыз ауаа рсиа шьақәыргылан. Ҳара ҳусурагьы хықәкы хадас иамоу ирӡыз ауаа рҭаацәа аҵабырг раҳәара ауп", — иҳәеит иара.

Москватәи ажурналист Роберт Авџьан иажәақәа рыла, аԥшааратә усқәа мҩаԥгоуп Австриа ақалақьқәа жәпакы рҿы. Иара иазгәеиҭеит зхаҭара шьақәыргылам, мамзаргьы зыуацәа ԥшаам аҭҟәацәа рхыԥхьаӡарагьы шырацәоу.

"Австриатәи ақалакь Ебензее аҿы мацара иҳаҭан уаҟа ижу 1500-ҩык асовет солдаҭцәа рсиа. Даҽа 500-ҩык рсиа иаарласны иҳаураны ҳаҟоуп. Иҟалоит урҭ рхыԥхьаӡараҿы аԥсуаагьы ыҟазар. Алагер ахаҭа ҳалацәажәозар, афашистцәа баша-маша иалрымхит иара ахьдыргылаз аҭыԥ. Ари алагер аԥҵан, раԥхьаӡа иргыланы аракетатә техника аԥхьакразы. Абаандаҩцәа ирзаԥҵаз аҭагылазаашьа бааԥсқәа ззыхгоз маҷӡан, шамахамзар мчыбжьык еиҳаны аӡәгьы дызнеиуамызт. Австриатәи амузеи акәзар аус ҳацура иазыхиоуп. Амузеи аиҳабы аибашьцәа рҭаацәа рахь азҿлымҳара ду ааирԥшит, иагьииҳәеит ианакәзаалак урҭ рыдкылара дшазыхиоу", — иҳәеит иара.

Анаҩс, зыжырҭа ԥшааз аԥсуа аҭҟәацәа Агрба Семион, Ҟаитан Мариа, Такмазиан Акоп, Кәаӡба Мсураҭ рҭаацәа иранашьан аҭҟәацәа рхаҭара шьақәзыргыло аршаҳаҭгақәа. Дара имҩаԥгаз аус ҭабуп ҳәа ахҳәаауа апроект аиҿкааҩцәа анаҩсгьы ақәҿиарақәа рзеиӷьаршьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0