Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистри атәыла Ахадеи аҵарашықәс аламҭалаз еиԥылеит

© Depositphotos.com / AlebloshkaШкольники во время урока
Школьники во время урока - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгəыр Какобеи атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымбеи иахьатәи аамҭазы ашколқәа рҟны аҭагылазаашьа зеиҧшроу иалацәажәеит.

АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik. Аминистр Адгәыр Какоба иҳәеит ареспубликаҿ иҟоу ашколқәа 156 аҵарашықәс ҿыц ишазыхиоу атәы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

"Атəылаҿы иҟоу 156 школ аҵаҩцəа рыдкылара иазхиоуп. Ашкол ахь ицоит ҩ-нызқьи хəышəҩыки бжаки инареиҳаны актəи акласс аҵаҩцəа, иҟоуп 1950-ҩык аклассқəа роушьҭымҭацəа. Хымҧада, ашколқəа зегьы еиҧшны иазыҟаҵам. 50 инареиҳаны школқәа рырҿыцра, аиҭашьақəыргылара аҭахуп. Иҟоуп шьаҭанкыла арҿыцратә усурақəа зҭаху ашколқəа. Ари ашықəс азы ашкол ҿыцқəа ҩба рыргыларазы аусурақəа ирыцҵоуп, Гагра ақалақьи Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭаҿи. Ҳара лассы-лассы урҭ аҭыҧқəа ҳарҭаауеит. Аусурақəа бзианы имҩаҧысуеит, ҳгәыҕуеит 2019 шықəсазы ахəыҷқəа ашкол ҿыцқəа рыҟны аҵаразы аҭагылазаашьа роуп ҳәа", — иҳәоит иара.

Аҵареи аҭцаарадырреи рминистрразы зегь реиҳа ихадароу проблемоуп арҵагатə литература иҳәеит аминистр.

"Аҧсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра абжьаратә ҵараиурҭақәа ирыднагало арҵага шәҟәқәа хиоуп, ашколқәа зегьы ирызшоуп. Урыстәылатәи арҵага шәҟәқәа рызҵаара даҽакала иҟоуп, урҭ Аҧсныҟа иаауеит коммерциатә хырхархарҭала. Иҟоуп зыхә ҳараку акыр. Урҭ макьана аҭаацәа иаархәароуп. Ари аганахьала аусура мҩаҧаҳгоит. Аҭыжьырҭақәа "Дрофи" "Аҵаралашареи" ҳдыргәыҕит афтортә зинқәа шҳарҭо ала, ҳреспубликаҟны аҭыжьра ҳалшарц азы. Усҟан, ҳара ишаҳаҧхьаӡаз ала, рыхәқәа акыр иеиҵахоит аахәараан. Ишыжәдыруеиҧш, сынтәа ашколқәа зегьы рзы ашколтә форма алаҳгалеит. Иҟан аҭаацәарақәа зхала арҭ аформақәа ззамхәоз, араионтә ҟәшақәа иҳарҭаз асиақәа рыла 480 форма ркомплект ааҳхәеит, иацы урҭ рызшаны ҳалгеит. Сгәы иаанагоит, ари азҵаара ӡбоуп ҳәа", — иҳәоит аминистр.

Аминистр иажәақәа рыла сынтәа имҩаҧган аквалификациа ашьҭыхразы акурсқәа. Урыстәылатәи Афедерациа Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи дареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭрала арахь иаашьҭын Аҩада-Кавказтәи афедералтә университет аспециалистцәа. Иацы актәи ахәҭа хыркәшан, жьҭаарамзазы абас еиҧш акурсқәа азҧхьагәаҭоуп егьырҭ арҵаҩцәа рзы.

Школа. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион аҿы ашкол ҿыцқәа ҩба аадыртраны иҟоуп

2018 шықәса инаркны ареспублика ашколқәа зегьы рҟны иалагалатәуп иаку ашколтә форма.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит ашколтә форма алагалара ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭаны ишазнеитәу.

"Ари азҵаара даара ҳасаб азуны шәазнеироуп. Ииашоуп, ашколтә форма ахәыҷқәа еиҿнакаауеит, рлеишәа аҳәаақәҵара иацхраауеит. Аха аӡбамҭа аншәыдышәкыла ашьҭахь аҭаацәарақәа агәынамӡарақәа зауз ҟалеит, зегьы ирылшаӡом уи аахәара рҳәоит. Ари агәыҧ иаҵанакуа аҭаацәарақәа ҳасаб рзыжәуроуп", — иҳәеит Ахада.

Аминистр иҳәеит ари аусбарҭа иааиуа ашықәс абиуџьет аҧсахрақәа аланагалараны ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0