Дырмит Габалиа: ҳлитературатә еиҿкаарақәа ихахьоу аамҭа иатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАпоет Дырмит Габалиа
Апоет Дырмит Габалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет, ауаажәларратә усуҩы Дырмит Габалиа далацәажәеит ҳаамҭазы асахьаркыратә литература иааннакыло аҭыԥ, нас уи иамоу азҿлымҳара. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.

- Изеиԥшрои аԥсуа литература иахьа иамоу азҿлымҳара?

— Азҿлымҳара иагьакуп, иагьыҩбоуп. Иазҿлымҳау зусҭцәоу, иарбан абиԥароу, аԥхьаҩцәа реиԥш акәу, авторцәа раҳасабала иазҿлымҳау? Убарҭгьы ирызхәыцтәуп. Иаҳхысыз ашәышықәса иаҿҳарԥшуазар иахьа ҳлитература иамоу азҿлымҳара маҷк ихьысҳазар ҟалап, аха уи зыхҟьо амзызқәа рацәоуп. Урҭ амзызқәа ирылыскаауеит ауаҩы ибзазараҿы аҭыԥ ӷәӷәа аанызкылаз атехнологиа ҿыцқәа. Иахьа ауаҩы иаурц ииҭаху аинформациа зегьы ҳаамҭазтәи ахархәагақәа ирҭиитоит. Ари аҭагылазаашьа, ҳәарада алитература азхьаԥшра армаҷуеит. Аинтернет ииашаны  ахархәара аҳҭаӡом азоуп аԥынгылақәа зцәырҵуагьы. Ҳара иҳамоуп алшара бзиаӡақәа ашәҟәыԥхьара аҳаҭыр ашьҭыхразы, аха макьаназы аамҭа ҿыц аҽанраалараҿы ҳалшарақәа маҷуп. Зеиԥшла иаҳҳәозар, алитература азҿлымҳара ыҟоуп, агәра згоит ҳаԥхьаҟагьы аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара ишацлало.

Ауаажәларра-политикатә ажурнал Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Лагәлаа: ажурнал "Алашара" иамаз анарха амоуп иахьагьы

- Ушԥахәаԥшуеи ашәҟәыҩҩцәеи ашәҟәҩыреи рҭагылазаашьа, аредакциеи аԥхьаҩцәеи реинырра?

— Аусура цоит, иқәыргылоуп аҭагылазаашьа еиӷьызтәуа ахықәкы. Араҟа иҟоуп иџьоушьаша даҽакгьы: ашәҟәыҩҩцәеи ашәҟәҩыреи ҳтәылаҿы ирымоу аҭагылазаашьа Асовет Еидгыла иаҭынхаз аҳәынҭқаррақәа рҿы иуԥылаӡом. Ҳара ҳҿы ада ааигәа-сигәа иҟаӡам даҽа ҳәынҭқаррак, ашәҟәҭыжьра иартәо ахарџь зхахьы изго. Иҟоуп Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи. Урҭгьы доусы рхатәы планқәа азԥхьагәаҭаны ирымоуп. Иҟоуп жәларык иаҳхәышҭаароу ажурнал "Алашара".  Шықәсқәак раԥхьа ҳара иҳаман аҭагылазаашьа школцыԥхьаӡа хәба-хәба журнал рызшара. Ари апрактика ҳара инықәырԥшны иаҳнарбеит аԥхьаҩцәа шаҟаҩ ҳамоу, алитература азҿлымҳара зеиԥшроу. Иҳаилнаркааит асоциалтә заказ шыҟоу, акьыԥхь ааглых ахаҭабзиара еиҳагьы аус адулара шаҭаху. Аха рыцҳарас иҟалаз, Аминистрцәа реилазаара аӡбамҭа ала, ақыҭақәа ирзаҳашьҭуаз 500 журнал атираж хырҵәеит. Ҳгәы иалоуп хышықәса рыда ақыҭа школқәа аус рыдулара ахьҳалымшаз. Аха иахьа уажәраанӡагьы ҳҿи-ҳнапи еиқәыԥсаны ҳтәам, еиҿаҳкаауеит алитература аларҵәаразы, арккаразы аусмҩаԥгатәқәа. Аҿар рхыԥхьаӡара аҟнытә имаҷҩым ҳредакциахь имҩахыҵуа, зҩымҭақәа ҳзаазго. Хыԥхьаӡара рацәала иҳауеит апоезиатә аԥҵамҭақәа, аха апроза еиҳа-еиҳа ишмаҷхо уаҩы ибарҭоуп.

- Ҳарҿиаҩцәа аамҭа ҿыц ашьаҿа иақәшәаны ицалар рыхәҭоума, иҿыцу ҳаилазаараҿы зымҩа инымхарц азы?

— Жәаҳәарада. Ҳара иҳамоуп алитература амаҵ азызуа еиуеиԥшым аиҿкаарақәа, аха дара зегьы "ихахьоу" аамҭа иатәуп. Урҭ русура иахьагьы алҵшәа амазарц ҳҭахызар, ҳаамҭа иақәшәо иҟаҵатәуп. Аԥсуа шәҟәҩыра аԥсҭазаара ҿыц аҭатәуп. Сара дсыздырӡом ԥсыуа шәҟәыҩҩык асоциалтә ҳақәа рҿы зхатәы рҿиаратә даҟьа змоу.  Уарла-шәарла акәымзар ҳгазеҭқәеи ҳжурналқәеи аинтернет аҿы ахархәара рымаӡам. Уи иаанаго ҳазҭагылоу аамҭа иацааз аҿыцрақәеи алшарақәеи инагӡаны реиҿбаара ҳалымшеит ауп. Изакәызаалакгьы, абри ҳԥырхагоуп ҳәа ззаҳҳәо – иҳахәо иҟаҳҵар ҳалшоит.

Адунеи аҟны ҳаԥхамшьакәа, ҳазгәдууны ицәыраҳго алитература ҳамоуп. Аха иацы иаԥҵаз ҳалаҽхәо мацара акәымкәа, иахьагьы уаҵәгьы ҳлитература зырбеиаша арҿиара ҳхы-ҳгәы иҭазароуп.

Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча- иԥа Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Алықьса Гогәуа: сызнысхьоу амҩеи сызхаану аамҭеи даара имариамызт

- Ауаҩы аҭагылазаашьа бзиа анизаԥҵоу ашәҟәы агәыбылра акра еиҳа изымариахоит. Аԥхьаҩи арҿиаҩи хазы-хазы иаҳгозар, изеиԥшроузеи урҭ рҭагылазаашьа?

— Иахьатәи аԥхьаҩ ииҭаху алитература аԥшаараҿы уадаҩра имаӡам, абиблиотекаҿы иҟамзар асоциалтә ҳақәа рҟынтәи аелектрон шәҟәы аҭаҩра илшоит. Иҟоуп "зыԥсы ҭоу" ашәҟәы аԥыжәара азҭо, ашәҟәыԥхьара агьама цқьа зкыз ауаа. Иҟоуп еиҳа имариоу амҩа алызхуа, аинтернет аҿы иааркьаҿны иҩу ашәҟәы ахҳәаақәа ирыԥхьо. Аха ишакәхалакгьы аԥхьаҩ азҿлымҳара иҭатәуп, ишәҟәыԥхьаратә гьама ҳасаб азуны аус идулазар ихәҭоуп.

Арҿиаҩы иакәзар, ацхыраара аниҭаху иҩымҭақәа ркьыԥхьра аан ауп. Уи аганахь ала аҭагылазаашьа зеиԥшроу хыхь салацәажәеит. Даҽакала ацхыраара, иаҳҳәап иҩнуҵҟатәи агәалаҟазаара изаԥҵара — уи уадаҩзар ҟалап, уи аҿы арҿиаҩы ихала ихы дацхырааҩуп. 

Иқәыԥшу арҿиаҩцәа ракәзар, иҟоуп арҿиара ргәы ахызмыршәо, алитература еиҳа иадзыԥхьало азнеишьақәа. Аха зегь раԥхьаӡагьы урҭ ирҵароуп реиҳабыратә абиԥара рҿыԥшшьа. Иаҳҳәап Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа иеиԥш зхатәы граждантә позициа змоу, зхәыцра шәхьоу, зыхшыҩҵак гәылыршәан аарԥшышьа здыруа ашәҟәыҩҩцәа. Ҳлитература аихьӡарақәа рацәоуп, ҳаԥхьаҟагьы аԥсынҵры лаша азыԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0