Сырма Ашәҧҳа, Sputnik
- Иван Дорофеи-иҧа, шəцара шҧаҟалеи Китаитəи Ареспубликахь, ааҧхьара шҧашəоуи?
— Раҧхьаӡа акəны Жəларбжьаратəи афилософцəа рконгресс мҩаҧысит 1900 шықəсазы, Париж. Нас егьырҭ аҳəынҭқаррақəа рҿы имҩаҧысуа иаауан. Асовет ҳəынҭқарра аныҟаз аҧсуаа усгьы иҳаҧхьаӡомызт, алимит змаз ҭыҧын азы. Қырҭтəылаҟа иаауан, ақырҭцəа аладырхәуан. Урыстəылатəи аҭҵаарадыррақəа ракадемиаҿы аус зуаз сҩызцəа изныкымкəа ирасҳəахьан, сара аҩыза бзиа дсымоуп — Урыстəылатəи Академиа апрезидиум иатəу ажурнал "Воросы философии" аредактор хада Борис Пружинин. Ҧхынҷкəынмзазы ааҧхьара сзааишьҭит Урыстəылатəи аделегациа салахəны аконгресс схы аласырхəырц азы, Китаи. Исеиҳəеит хəажəкырамзанӡа сажəахə рхианы инасышьҭырц Китаиҟа, нас аурыс секциа афилософиаҿы сықəгыларц.
Хымҧада, ААУ аректор, академик Алеко Алықьса-иҧа исырбеит, дақəшаҳаҭхеит, сымцар шыҟамлоз сеиҳəеит. Аиҳабыра рышҟа ашəҟəы иҩит харџьла сеиқəдыршəарц. Ҭабуп ҳəа расҳəоит Аҧсны аҳəынҭқарра анапхгара, сцара-саара иадҳəалаз ахарџьқəа рхахьы иахьыргаз.
Китаи даара ҳəынҭқарра дууп. Пекинтəи аҳəынҭқарратə университет аҿы акəын иахьымҩаҧысуаз. Уи ақалақь аҿы инхоит 22 миллион инарзынаҧшуа ауаа. Даара апрогресс змоу қалақьуп. Аконгресс ахьымҩаҧаҳгоз акттə зал аҿы 20-нызқьҩык рҟынӡа ауаа тəан.
- Иарбан ҳəынҭқаррақəоу аконференциа иалахəыз?
— Адунеи аҿы иҟоу аҳəынҭқаррақəа зегьы афилософцəа рхаҭарнакцəа алахəын. Сара сахьықəгылоз аурыс философиа асеқциаҿы акəын. Сҩыза бзиа, афилософ Борис Пружинин иакəын имҩаҧызгоз. "Дықəгылоит Аҧсуа университет апрофессор, Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟəантə иааз", — ҳəа рылеиҳəеит еизаз.
- Шəажəахə зызкызи?
— Сара стема зызкыз аҧсуа милаҭ ракəын, аетногенез аҭҵаашьа аметодологиа акəын. Даара иргəаҧханы ирыдыркылеит, напеинҟьарала сылбаарышьҭит. Жəохә минуҭ ракəын аамҭас иҳамаз. Аҩбатəи амш азбжазы уи аурыс философиа асекциа мҩаҧигон англосакск, англыз бызшəала, егьырҭ аҳəынҭқаррақəа аурыс философиа ҭызҵаауаз рықəгыларақəа. Ианымҩаҧигоз аурыс философиа даара дақəыӡбеит. "Адунеи философиатə культураҿы аурыс философиатə культура ыҟаӡам" ҳəа абас иааиртит. Даара исгəамҧхеит, уҧсахы ааибанаркратəы дцəажəеит. Снаҧшы-ааҧшын аӡəгьы ҿиҭуам, еицырдыруа аурыс философцəа тəоуп. Саҧсыуамзи, иаасзымычҳаит, сҩагылан: "Уажəақəа урыцклаҧшны уцəажəала, ара ҳазегьы ҳлаурҟəит ус. Аурыс философиатə система аҟара иахьа аус зуа адунеитə философиа системак сара исыздыруам. Шəара шəтəқəа, шəфилософцəа ҳдыруеит, ҳастудентцəа идҳарҵоит. Шəара ишыҟоу жəдыруеит аурыс философиа, аха ижəбарц шəҭахӡам. Шəара ишəзымдыруазар, уи шəара шəрыцҳароуп", — сҳəеит. Анаҩс, аурыс секциа мҩаҧызгоз сҩыза излеиҳəаз ала, аҭамзаара шьҭеиҵеит ус ахьиҳəаз азы. Аурыс философцəагьы гылан, ус шакəмыз рҳəеит, чехкгьы дгыланы дҳадгылеит, Гонконгынтəгьы убас ҧҳəыск дгылт. Лара ус лҳəеит: "Сара санду слааӡеит аурыс литература ала. Достоевски, Толстои уҳəа аурыс шəҟəыҩҩцəа рҩымҭақəа маҷымкəа издыруеит" ҳəа. Ауха асасааирҭаҿы санааи, аурыс философиатə еилазаара амаӡаныҟəгаҩ хада сиҧшаан, ҭабуп ҳəа сеиҳəеит аурыс философиатə культура ахьысыхьчаз. Ажурнал аредактор хадагьы, "уара уакəымзар, иахьа ара адискуссиа ҟалаӡомызт" иҳəеит.
- Уа шəыҟазаара иалагӡаны акитаи ҵарауааи шəареи иааигəаны шəеибадырра залыршахама?
— Китаи анырра ду змоу афилософцəеи сареи ҳаибадырдырит, хымҧада. Даргьы Аҧсны даара иазҿлымҳан. Китаиаа рхаҭарнакцəа Урыстəыла аҵара зҵоз, убра ианнеилакгьы аурыс хьӡқəа шьҭырхуеит. Санкт-Петербургтəи ауниверситет иалгахьоу, Васили захьӡыз еицырыдыруа акитаи философ, апрофессор, уажəы Пекинтəи ауниверситет аҿы аус зуази сареи ҳаибадырит. Даара ибзианы ҳаицəажəеит, ҳаҧхьаҟа Аҧсны иазгəаҭоу, имҩаҧызгараны иҟоу Жəларбжьаратəи аконференциахь даасыҧхьеит. Уҩызцəа аурыс философцəа иудыруа убарҭгьы убра иҟалоит ҳəа аниасҳəа, даара деигəырҕьеит. Ҳара ҳакадемик, ҳпоет ду, ҳаиҭагаҩ Мушьни Лашəриа еиҧш, Пушкин ихьӡ зху апремиа далауреатуп. Китаи бызшəала аӡəырҩы аурыс философцəа еиҭеигахьеит. Аҵыхəтаны ҳанеиҧырҵуаз аиҩызаратə стол еиҿкаан. Уаҟа аҳəынҭқаррақəа зегьы рхаҭарнакцəа ажəа ҳарҭон. Саргьы ажəа сырҭеит. Хымҧада, умилаҭ ирыҳəаша ак узҳəар, ак узыҟаҵар уи еиҕьу иарбан, сара сзы уи ҧсҭазаароуп! Сҩагылан ус еиҧш сҳəеит: "Иахьа, ишыжəбо еиҧш, адунеи даара иҭышəынтəалам, егьҭышəынтəалахаӡом Америкаа ҳрыхəаҧшуа ҳалагар. Сара сгəаанагарала, даара сеигəырҕьоит Урыстəылеи Китаи дуӡӡеи шəусеицура, шəеизыҟазаашьа. Адунеи аҭышəныртəалара ӡəыр илшозар, шəара шəеидгыланы, шəара шəоуп изылшо. Аҳəынҭқарра маҷқəа, амилаҭ ссақəа ззыҧшу еиҳарак мрагыларахь иҟоу шəоуп. Ҳара ҳаҿиареи ҳаиқəырхареи шəара шəыда аӡəгьы илшаӡом", — ҳəа сықəгылеит. Уамашəа ирбеит, рнапқəа еинырҟьеит.
Аконгресс иазкны Иван Ҭарба ииҳәаз шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>
- Аконгресс аҿы шаҟа бызшəа аус руаз?
— Ҩ-бызшəак аус руан аконгресс аҿы, алымҳа иарҭоз ҳаман, зегьы еилыкка еиҭаргон, иаарҳəоз зегьы ҳаҳауан урысшəала. Аурыс сеқциаҿ ҳанықəгылоз урысшəала ҳақəгылон, англыз бызшəала аиҭагаҩ иззеилымкаауаз ирзеиҭеиҳəон.
- Аконгресс шаҟа мшы имҩаҧысуаз?
— Жəымшы имҩаҧысуан. Амза 13, асааҭ жəба рзы аконгресс аусура иалагеит. 99 секциа аус руан. Есыҽны апленартə еилатəарақəа ыҟан, алеқциақəа рацəаны ицон. Адунеизегьтəи афилософцəа рконгресс акəын, аҳəынҭқаррақəа зегьы алахəын. Хəышықəса рахьтə знык имҩаҧысуеит.
- Шəажəахə хада инаҷыданы, Аҧсны аганахь ала аинформациа иабанӡазҵаауаз?
— Москватəи сҩыза убас еиҧш иҟаз аҭагылазаашьа сиҭеит, зегь реиҳа анырра змоу акитаи философ сиацəажəартə еиҧш. Ҷыдала иареи сареи иааигəаны ҳаицəажəеит. Иасҳəеит ирацəаны аҳəынҭқаррақəа ҳшазхарҵахьоу, Америкаа иахьабалак шьапҿаршə шҳарҭо. Уажəааигəа Сириа ҳшазханаҵаз иасҳəеит, аконференциахь Аҧсныҟа ааҧхьара исҭеит, ҳуниверситетқəа аиҩызара рыбжьаҳҵарц азгəасҭеит. Нас, Аҧсны азхаҵара азҵаарагьы ҳалацəажəап сҳəеит. Китаи дуӡӡа адунеи иазбжаку ҳазханаҵар, Америкаагьы хьаас исымаӡам, усҟан адунеи зегьы ҳазханаҵашəа сыҧхьаӡоит сҳəеит. "Шəышнеи-шнеиуа Китаигьы шəызханаҵап" иҳəеит ажəала… "Аҧсны акитаицəа ыҟоума?" ҳəа дсазҵааит. Иасҳəеит Очамчыра араионаҿ ишыҟоу, аус шыруа. Урыстəылааи дареи даара пату еиқəырҵоит. Урыстəылатəи аделегациа сахьалаз даара ҳаҭырқəҵарыла исызнеит.
- Анаҩстəи афилософцəа рконгресс амҩаҧгара анбазгəаҭоу, иарбан ҳəынҭқарроу иахьымҩаҧысуа?
Аҳəынҭқаррақəа еимаркуа иалагеит 2023 шықəсазы аконгресс ахьымҩаҧысуа ҳəа. Уа ицəырҵит Иапониа, Бразилиа, Австралиа, Иран. Сара Иран сҭахын, хымҧада. Акомитет иалаз ракəын абжьы зҭиуаз, Бразилиеи Австралиеи еимаркуан, ҩынтəтəи абжьыҭира инақəыршəаны, анаҩстəи аконгресс мҩаҧгахоит рҳəеит Австралиа.