Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инаԥшьба: Ортега ишиашоу ицоз аефир ала ахәаԥшцәа ахсаалаҟны Аԥсны дирбон

© AFP 2023 / Elmer MARTINEZВизит С.В. Багапш в Никарагуа. Архивное фото.
Визит С.В. Багапш в Никарагуа. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Латынтәи Америка ареспублика Никарагуа аҩбатәи тәылоуп Урыстәыла анаҩсан хара имгакәа Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз Уи ҟалеит Цәыббра ԥшьба, 2008 шықәсазы. Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Даур Инаԥшьба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы игәалаиршәоит 2010 шықәсазы Аԥсны Ахада Сергеи Багаԥшь напхгара ззиуаз аделегациа Никарагуа ишаҭааз.

Инаԥшьба: Ортега ишиашо ицоз аефир ала ахәаԥшцәа ахсаалаҟны Аԥсны дирбон
"Аҳаирплан ашьыжь Гаванантә иԥрит, ҩ-сааҭк, х-сааҭк рыла иара тәеит Манагуа. Аҳаиртә баӷәаза аҟны аҳәынҭқарратә визит иаҵанакуа атрибутика зегьы ыҟан – ауарҳал ҟаԥшь, аҳаҭәыртә ҟарул. Аиҳабыра ахьӡала Сергеи Багаԥшь иԥылеит Никарагуатәи адәныҟатәи аусқәа рминистр, анаҩс инагӡан аҳәынҭқарратә гимн. Уи ашьҭахь ҳамҩа хан аҳҭнықьалақь ахь. Никарагуа ашҭа ду аҿы еиҿкаан аныҳәа, уи далахәын аҳәынқарра ахада Даниель Ортега.

Аҩ-ҳәынқаррак рхадацәа Сергеи Багаԥшьи Даниель Ортегеи русеицуразыи реиҩызаразыи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩҩит ишиашоу ицоз аефир ала. Уи анаҩс Ортега ахсаала аҟны днеины Никарагуатәи ахәаԥшцәа идирбон Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ахьыҟоу, ҭыԥс иаанныркыло", — иҳәеит Инаԥшьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0