Рауль Ҳаџьымба Дамаск идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

© Фото : Пресс-служба президента АбхазииРауль Хаджимба возложил цветы к Могиле Неизвестного Солдата в Дамаске
Рауль Хаджимба возложил цветы к Могиле Неизвестного Солдата в Дамаске - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəыла иаҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Дамаск иҟоу идырым асолдаҭ Ибаҟаа мҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит ҳәа аалыцҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡыԥҳа.

Аԥсныи Шьамтәылеи рхадацәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа еимырдеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Шьамтәылеи рхадацәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа еимырдеит

Абри аан Аԥсны Ахада дымҩаԥыргон Шьамтәыла иреиҳау аҵара аминистр Атеф Наддафи, Аладатәи арратә регион акомандаҟаҵаҩ Марван Харирии.

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аҧыза-министр Геннади Гагəылиа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц, Ашəарҭадара Ахеилак амаӡаныҟəгаҩ Муҳаммед Кьылба, Адəныҟатəи аусқəа рминистр Даур Ақаҩба, Атəылахьчара аминистр Мераб Қьышьмариа, Аекономика аминистр Адгəыр Арӡынба.

Ажәабжьқәа зегьы
0