Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа: еиҭашьақәҳаргылоит зегьы реиҳа зҭагылазаашьа уадаҩу аҟәшақәа

© SputnikИгорь Джопуа
Игорь Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ахыбраҿы ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы.
Џьопуа: еиҭашьақәҳаргылоит зегьы реиҳа зҭагылазаашьа уадаҩу аҟәшақәа

"Аҳәынҭқарра иаҳзоунажьыз 5 млн мааҭ рыла иалыршахеит ҩеихагылак рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхацыркра. Иазыҳаӡбеит еиҳарак зҭагылазаашьа уадаҩу рҿы акапиталтә ремонт аҟаҵара. Уи ахԥатәии аԥшьбатәии реихагылақәа рҿы ауп. Аԥшьбатәи аихагылаҿы ахшараиурҭа аҟынтә ахәышәтәырҭахь иаанаго ахәыҷқәа рзы ауп. Егьи – ахԥатәи, асамтикатә чымазаҩцәа ҳәа изышьҭоу зҽызхәышәтәуа рзы ауп. Анаҩс аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит аԥҟарҭа аҟәша аҿгьы, уи цәыббра 30-нӡа иалгап ҳәа сгәыӷуеит, егьырҭ аихагылақәа рҿы ицо акәзар, ашәықәс ҿыц ҳҭалаанӡа ихдыркәшап ҳәа ауп", — азгәаиҭеит Џьопуа.

Ажәабжь инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0