Геннади Гагәылиа иҭахаразы: ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа адышшылара ҟарҵоит

Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсра инамаданы адышшыларатә шәҟәы хыртуп Ҭырқәтәыла.

Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аан дҭахеит цәыббра 8 рзы. Аԥсы анышә дамардоит цәыббра 12 рзы.

Ареспубликаҿ ирылаҳәоуп алахьеиқәра. Атәыла абираҟқәа лашьҭуп. Агәырӷьаратә уснагӡатәқәа зегь аанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0