Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәаладыршәеит Гагра

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздничные мероприятия в день освобождения Гагры
Праздничные мероприятия в день освобождения Гагры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 14, аибашьра аналагаз амш аҽны, Гагра ақалақь, Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан имҩаԥысит ашәҭ шьҭаҵара ацеремониеи, алахьеиқәҵаратә митинги.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада, ар рԥыза Владислав Арӡынбеи рбаҟақәа рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа, Гагра араион анапхгара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи.

Возложение цветов в Парке славы - Sputnik Аҧсны
Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәон Аҟәа

209-ҩык Гагра араион иалҵыз аибашьцәа Аԥсны рхы ақәырҵеит. Ари алахьеиқәҵаратә мшы, еизаз иазнеит акалашәа игәырԥшааганы.

"Ҳара ҳаԥсы ҭанаҵы, ари алахьеиқәҵаратә-агәалашәаратә мшы мацара акәымкәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых ҳарӡраны ҳаҟаӡам. Иахьа изызҳауа, ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш знапы ианылараны иҟоу аҿарацәагьы ирылаҳааӡоит. Сара анцәа сызлаиҳәо акоуп, аԥсуа жәлар риааирақәа аҭынч ԥсҭазаара иазынархазааит, абас еиԥш шьала иҿыху зынӡагьы иҟамлааит", — иҳәоит аибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Руслан Барцыц.

Угәы имахәар залшом, аибашьра ашьҭахь ииз аҿар, иахьа дара рыхшара рыманы, абаҟа амҵан ашәҭқәа ахьышьҭарҵо, иахьхырхәо.

"Сара Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра сахааным, аха ибзианы издыруеит сыжәлар ирхыргаз аҭоурых. Сҭаацәа рҟнытә лассы-лассы исаҳауеит аамҭақәа акырӡа ишыхьанҭаз. Сани саби ирыцәҭахеит имаҷҩымкәа ирзааигәаӡаз рыуацәа. Иахьа исуалԥшьаны исԥхьаӡоит, аҭынч ԥсҭазаара ҳзаазгаз рҿаԥхьа ахырхәара, сыхшарагьы уи дырҵара", — лҳәоит ҩыџьа ахәыҷқәа ран Сиузанна Ҵәыџьԥҳа.

Флаг Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Аибашьра раԥхьатәи амш: аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы ишаанхаз

Аибашьра аҩбатәи амш аҽны, нанҳәа жәохә рзы, Ԥоҭынтә Гаграҟа идәықәҵан ҩ-десанттә ӷбақәеи, ҩ-кометаки, агәылӡтәы техникақәа ԥшьбеи аршьаҟауааи злаз ампыҵахалаҩ имшантә десант.

Ашьыбжьон, асааҭ аказы, адесант ӡхыҵит Цандрыԥшь аҳаблан. Араҟа, аӷа аҿагылара ирҭеит аԥсуа еибашьцәа ргәыԥқәа. Аха амчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳарԥарцәа хьаҵыр акәхеит асасааирҭа "Украина" ахьгылоу аҭыԥахь.

Анаҩс ақырҭуа мпыҵахалаҩ инапахьы иааигеит Гагра ақалақь. Иара уи алагьы аибашьра Мраҭашәаратәи ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.

Ажәабжьқәа зегьы
0