Давид Канделаки: Гагра араион аҿы иҟан аҵлақәагьы, абаҟақәа ҳәа ирԥхьаӡоз

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГагрыԥшь
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуа аобиектқәа сиала 1500 иреиҳауп, урҭ рахьтә ҩышә рҟныӡа ашәҟәы иҭагалоу Гагра араион иатәуп. Бзыԥҭа аҳабла инаркны, Ԥсоу аҳәааҟынӡа иналукааша абаҟақәа рыӡбахә иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Давид Канделаки.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Гагра араион аҟны, ашәҟәы иҭагалоу ҩышә рҟынӡа абаҟақәа, реиҳарак амшын аԥшаҳәа азааигәара ауп иахьуԥыло, анаҩс ашьхаҟьаҟьара, иара убас аӡиасқәа рымԥан.

Аҭыԥ ҷыда ааныркылоит 400 000 шықәса зхыҵуа ажәытәӡатәи археологиатә артефактқәа, ҵаҟатәи ажәытәхаҳәтә аамҭа иатәу. Заатәиқәа рықәшәоит карангаттәи ашҭаҳәыԥшқәа, убас дара рыӡбахә дыруп Ԥсахара ақыҭангьы.

Праздничные мероприятия в день освобождения Гагры - Sputnik Аҧсны
Аиааира 25 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа цоит Гагра

Абаҟақәа шоит иматериалтәу, иматериалтәым, исимволтәу ҳәа.

Аматериалтәқәа рахь иаҵанакуеит археологиатә баҟақәа, афортификациатә ргыларақәа, абаашқәа, ақьырсиантә-аныхабаатә уҳәа обиектқәа.

Иматериалтәым абаҟақәа иреиуоуп —адоуҳатә культура иазынархоу, иаҳҳәап ажәытәӡатәи ақьабзқәа, акәашарақәа, уҳәа.

Исимволтәу-уи иуадаҩу акатегориахь иаҵанакуеит, аимак ацуп. Аха иаднакылар ауеит абас еиԥш иҟоу абаҟақәа: Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа ргәалашәара иазку, иара ҳбираҟгьы, ҳгербгьы.

Римтәи-Византәиатәи аамҭахҵәаха иаҵанакуа абаҟақәа дрыхцәажәо, аҭоурхыҭҵааҩ Давид Канделаки иеиқәиԥхьаӡеит аҭыԥ ҷыда аанызкыло аобиектқәа.

"Археологиатә баҟақәа урзааҭгыло рыӡбахә умҳәар залшом ҳера ҟалаанӡатәи 4-3-тәи азқьышықәса иаҵанакуа Ачмардеи, Мкьалрыԥшьи, Ԥхысҭеи иуԥыло адольменқәа, убас 3-4 ашәышықәса иатәу Ачмардатәи аԥсыжырҭа, 8-10 ашәышықәса иаҵанакуа Гагратәи аԥсыжырҭа, Ажәытәӡатәи аамҭа иатәу Пицунда Дуӡӡа уҳәа", — азгәеиҭоит аҵарауаҩ.

Пицундский этнографический музей - Sputnik Аҧсны
"Пицунда Дуӡӡа" амузеи: ажәытә хаҳәтә аамҭа инаркны ишәхьоу абжьаратә шәышықәсанӡа

Давид Канделаки иҳаилиркааит, афортификациатә абаатә ргыларақәа рҟнытә иалукаар шалшо, заатәи абжьаратә шәышықәса иатәу Ҳашԥсытәи абаа, Бзыԥҭатәи абаа, ихьшәоу ажәытәӡатәи аамҭа иаҵанакуа Абааҭатәи абаа, Пицунда Дуӡӡа абаа.

Археологиатәии, ономастиконтәии, аԥсуа бызшәеи адыррақәа рыла, абаҟақәа рахь иԥхьаӡоуп, ақьырсианра аиаанӡатәи акульттә центрқәа, иаҳҳәап Аныхаԥсҭа, Чыгырныха, Ахашныха, Лӡааныха. Иаҳхамшҭроуп, имаҷымкәа аныхабаақәа шдыргылоз ажәытәӡатәи аныхаҭыԥқәа рҿы. Иазгәаҭатәуп, Пицундатәи аԥса, аҵлақәа-абаҟақәа ҳәа ишыԥхьаӡаз, избанзар аԥсуаа инакәзаалак ҳаҭыр рзақәын, ирхьчон.

Имаҷымкәа иуԥылоит ақьырсиантә аныхабаатә архитектура иаҵанакуа аргыларақәа.

© Фото : предоставлено Давидом КанделакиАнтрополог Давид Канделаки.
Антрополог Давид Канделаки. - Sputnik Аҧсны
Антрополог Давид Канделаки.

"Гагра араион аҿы иҟоуп заатәи ақьырсиантә ныхабаақәа. Урҭ иреиуоуп еицырдыруа, 6-тәи ашәышықәсахь иаҵанакуа Цандрыԥшьтәи абазилика, Гагратәи аныхабаа Абааҭа, зегь раасҭа Аԥсны ижәытәӡатәиу аныхабаа ыҟоуп Пицунда Дуӡӡа аҵакыраҟны. Аспециалистцәа разгәаҭарақәа рыла, уи амаҵ азиуан Пицундатәи аԥскәабаз Стратофил. Аҭоурых излаҳәо ала, иара далахәын раԥхьаӡатәи Адунеизегьтәи Никеиатәи, иреиҳаӡоу ақьырсиантә динмаҵзуҩцәа реизара Ду, 325 шықәсазы, ҳера аамҭазы. 6-8-тәи ашәышықәсахь иаҵанакуа, Алаҳаӡыхь иҟоу Ахашныха захьӡу абазиликақәа ҩба, ҩ-рхәак змоу Пицунда, амшын аԥшаҳәа азааигәара иҟоу 6 ашәышықәса иатәу абазилика, 4-5 ашәышықәсқәа ирыҵаркуа Лӡаатәи аныхабаа, ихьшәоу ажәытәӡатәи аамҭа иатәу Чыгырныха, аныхаҭыԥ Гагра-инхәу (Гаграа рынцәахәы), заатәи абжьаратә шәышықәса иатәу Ҳашԥсытәи, Мкьалрыԥшьтәи, Ԥшоухәатәи аныхабаақәа", — ҳәа инаҵишьит аҭоурыхҭҵааҩ.

Теннисные корты - Sputnik Аҧсны
Ҷыдала аимператор изы: Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҭоурых

Ашедевртә ргылара акәны иԥхьаӡатәуп Пицунда Дуӡӡа иуԥыло ажәытәӡатәи аӡымҩацҳа.

Ихьшәаны зыргылара иалагаз иреиуоуп аџьартә-аҟәырӷтә ныхабаақәа. Иаҳҳәап Бзыԥҭатәи аныхабаа, Пицундатәи апатриархтә ныхабаа, Ахашныха. Аҵарауаа разгәаҭарақәа рыла, дара ирнубаало иалагеит аԥсуа аныхабаатә аргылараҟазара.

Араион аҟны иуԥылоит XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи, XX-тәи ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуа атәылауаҩратә архитектура, уи акурорт ашьақәгылара иадҳәалан. Рхыԥхьаӡара рацәоуп ақалақьргыларатә, абаҳча-парктә ҟазара, анџьныр-наукатә-техникатә хәыцрақәа ирзынархоу архитектуратә обиектқәа. Дара иалыркаауеит иахьатәи ҳаамҭазтәи Гагра ақалақьргыларатә хаҿра.

"Иазгәасҭарц сҭахуп, зыхьӡ хара инеихьоу Гагратәи Амшын аԥшаҳәатә парк. Араҟа иуԥылоит еиуеиԥшым апарктә архитектуратә стильқәа, иаҳҳәап еиԥырҟьам франциатәи апарки, англиатәи аԥсабарасахьеи. Архитектуратә ргыларақәа рганахь ала, Гагра ианыԥшуеит иара аамҭатәи агьамақәа. Атәылауаҩратә архитектура ҟазшьас иамоуп астиль модерн (арт-нуво), аеклектикатә хәҭақәа, альпикатә шале", — иҳәоит Давид Канделаки.

Апринц Ольденбургски игәалашәаратә еиҿцәажәара мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Апринц Ольденбургски игәалашәаратә еиҿцәажәара мҩаԥысит Гагра

Абарҭ архитектуратә стильқәа зныԥшуа ргыларақәоуп апринц Ольденбургтәи ихан, ахан аҿаԥара, Розалиа Федиушина, Елеонора Кортукова, Темницки, Ольховски, Силин, Алакаев, Боженко уҳәа рдачақәа, шварцвальдтәи аныҟәара змоу асааҭ зхагылоу аресторан "Гагрыԥшь", аихабетонтә, амшын аԥшаҳәатә, ҩнымаҭәала еиқәыршәаз асасааирҭақәа.

Анџьныртә ргыларатә баҟақәа рахь иаҵанакуеит анышәаԥшьӡы иалху ақалақь аӡымҩангагатә система, Мамзышьхаҟа ихало амҩа.

Асовет Еидгыла аамҭазтәи аргыларақәа иреиуоуп асанатортә-курорттә комплексқәа, аԥхынтәии, аӡынтәии театрқәа, мавританиатәи астили, асоветтә конструктивизми зныԥшуа аколоннада.

Ихьшәоу рахь иаҵанакуеит Гагратәи Ахьӡ-аԥша Амемориалтә комплекс, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу аҭыԥқәа уҳәа.

Хымԥада ҩышә баҟа реиқәыԥхьаӡареи, рҭоурыхи статиак иузҭагӡом, аха, иналукааша иреиуоуп хыхь зыӡбахә ҳәоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0