Москалькова Вышински иус азы: оумашәа иубаша ҭагылазаашьоуп

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение апелляции по делу журналиста К. Вышинского
Рассмотрение апелляции по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова адунеитә уаажәларра рахь ааԥхьара ҟалҵахьан Украина апортал "РИА Новости Украина" анапхгаҩы Кирилл Вышински иганахь ала имҩаԥнаго азакәандара ааныркыларц.

АҞӘА, цәыббра 26 — Sputnik. Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмчра змоу Татиана Москалькова оумашәа илбоит "РИА Новости Украина" анапхгаҩы Кирилл Вышински иара иганахь ала аусҭҵаара шхыркәшахаз азы адырра ахьирымҭаз, идукат аматериалқәа ахьимоуз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡа, Украина ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Виктор Кононенко аҳәамҭа ҟаиҵахьан Вышински иганахь ала аусӡбаранӡатәи аусҭҵаарақәа хыркәшоуп, аматериалқәагьы аӡбарҭахь рынашьҭрах ихиоуп ҳәа. Аха адукат ари аинформациа шьақәимырӷәӷәеит.

Рассмотрение апелляции по делу журналиста Кирилла Вышинского - Sputnik Аҧсны
Киев азыхиоуп Вышински иԥсахра алацәажәара

"Убри инадҳәаланы иџьоушьартә иҟоуп Кирилл Вышински иоума уи идукат Андреи Домански иоума официалла адырра ахьрырымҭаз", — лҳәеит Москалькова.

Москалькова иазгәалҭеит Вышински игәабзиара ауашәшәырахара инадҳәаланы амедицинатә гәаҭара дшахырмыжьыз, ажурналисти аҳақьым-кардеологи реиқәшәара шеиҿырымкааз.

"Асеиԥш иҟоу афактқәа агәҭынчымра уздырҵысуеит урыстәылатәи ажурналист Кирилл Вышински игәабзиара аҭагылазаашьазы", — лҳәеит Москалькова.

Вышински 100-мш инареиҳаны даанкылоуп аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идҵаны. Иара иахь инарышьҭуам урыстәылатәи аконсулра аусзуҩцәа. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анотақәа ҩба нанашьҭхьеит АИХ ахаҭарнак иқәымчра ааныркыларазы.

Ахақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир иҳәеит агәҭынчымра шизцәырырго РИА Новости Украина аиҳабы изныҟәашьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0