Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рҭаацәа Пицунда рыԥсы ршьоит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаНхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рҭаацәа Пицунда рыԥсы ршьоит
Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рҭаацәа Пицунда рыԥсы ршьоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рҭаацәа рыԥсшьарамшқәа еиҿкауп Пицунда.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахази, хабарда ибжьаӡызи рҭаацәа рыԥсшьарамшқәа еиҿкаауп Пицунда. Сынтәа, Адыгеи, Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черқьесски, Аахыҵи-Нхыҵи Уаԥстәылеи, Чечентәылеи, Ингәыштәылеи рҟнытә Аиааира амш 25 шықәса ахыҵра аламҭалазы 150-ҩык асасцәа ааит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иҭахази, хабарда ибжьаӡызи ахатәгәаԥхаҩцәа ранацәа, рабацәа, рыҳәсеибацәа, раҳәшьцәа, рхәыҷқәа, рмоҭацәа.

Праздничные мероприятия в день освобождения Гагры - Sputnik Аҧсны
Ашьоуракәын хықәкыс имаз

Ари апроект ахы ыҵнахит 1998 шықәсазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иаԥшьгарала. Уи нахыс, 20 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа ҳаешьаратә республикақәа рҟнытә асасцәа ԥсшьара иаарыԥхьоит Пицундаҟа.

Аделегациақәа хылаԥшра рылҭоит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1992 шықәсазы Гәдоуҭа еиҿкааз, Кавказ Ашьхарыуа Жәларқәа Рконфедерациа аштаб аусзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа. Иазгәаҭатәуп, аҵарауаҩ ишлылшаз, Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахази, хабарда ибжьаӡызи шәҟәык аҟны реидкылара. Лили Ҳагԥҳа Нхыҵ-Кавказ қалақьцԥхьаӡа, қыҭацԥхьаӡа рҭаацәа ахьынхоз дрызнеихьан, аибашьцәа рбиографиақәа рыҭҵааразы.

"Есышықәса, Аԥсныҟа иаауа, иҭахази, ибжьаӡызи ахатәгәаԥхаҩцәа рыуа-рҭынха рхыԥхьаӡара иацлоит. Сынтәа 150-ҩык ыҟоуп. Дара рзы, араҟа иаԥҵоуп аҭахрақәа зегьы. Рыфатә-рыжәтә, рыԥсшьара, рныҟәарақәа уҳәа аҩаӡара ҳаракыла иазнеиуп. Иахьаанҿасуа акорпус "Аԥсны" аиҳабы Асида Ҭарԥҳаи егьырҭ аусзуҩцәеи гәаартыла ирыдыркылоит. Пицунда ақалақь анапхгареи, акурорттә еилазаара ахадареи асасцәа ргәы иабари ҳәа ирышьҭоуп. Ирзеиҿыркаауеит Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа, ирыдалырхәоит Аиааира 25 шықәса ахыҵра иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа", — ҳәа ҳаиллыркааит дара мҩаԥызго Лили Ҳагԥҳа.

Пицунда зыԥсшьарамшқәа зхызго асасцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп, Аԥсны Афырхаҵа Адам Хуаде иԥшәма ԥҳәыс Светлана Хуаде.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны зышьҭа нзыжьыз Адыга жәлар рҵеи лаша Адам Хуаде дыруаӡәкыуп, Нхыҵ-Кавказтәи ахатәгәаԥхаҩцәа Рхеидкыла аԥызҵаз.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы, Шамиль Басаев дицхрааны Гәымсҭатәи афронт аҟны аӷа аҿагылара ӷәӷәа ирҭоит, ақырҭцәа ироуоит уаҩытәыҩсалеи, техникалеи ацәыӡ. Нанҳәамза 26, 1992 шықәсазы, Аҟәа ақалақь, "Учхоз" ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҟны дҭахоит. Адам Хуаде Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵахоит.

Ҟабардантәи хатәгәаԥхарала иаази аԥсуа еибашьцәеи. Пицунда 1993. - Sputnik Аҧсны
Мирзоев: Аԥсныҟа саазгаз Шьынқәба ирҿиамҭақәа роуп

"Сара Аԥсныҟа лассы-лассы саауеит. Ари аҩбатәи сыԥсадгьыл акәны исԥхьаӡоит. Сынтәатәи ҳаара, Аиааира 25 шықәса ахыҵра иақәшәеит. Гәык-ԥсыкала аԥсуа жәлар ирыдысныҳәалоит ари акразҵазкуа аҭоурыхтә хҭыс, ирзеиӷьасшьоит аҭынчреи, аизҳареи. Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рыешьаратә еизыҟазаашьақәа ахаангьы ҿыцәаара рықәмзааит", — ҳәа азгәалҭоит Аԥсны Афырхаҵа Адам Хауде иԥшәмаԥҳәыс Светлана Хуаде.

Имаҷҩым Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, зашьцәа ирывагыларц Ҟарачы-Черқьесскынтәи иааз ахатәгәаԥхаҩцәагьы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан 17 шықәса зхыҵуаз, аха хаҵа нагак еиԥш згәы, зыхшыҩ шәхьаз, агәаӷь зызҭаз абаза ҷкәын Мураҭ Куджев. Пицунда зыԥсшьарамшқәа зхызго дрыцуп иара иангьы Фатимат Куджева.

"Сара сԥа Аԥсныҟа данаауаз, асалам шәҟәы хәыҷык ҩҩны иаанижьит, "мышқәак рышьҭахь схынҳәуеит, шәысцәымшәан", — ҳәа нанҵаны. Аха излеилкаахаз ала, шьхала идәықәлаз ахатәгәаԥхаҩцәа дрыцны арахь дылбааит. Иҟаҳҵарызеи, ҳгәы ҿаҳҳәеит, деибганы дышԥахнымҳәари ҳәа ҳгәыӷуа. 1993 шықәса, ԥхынгәы 4 рзы, аҳҭнықалақь Аҟәа агаразы имҩаԥгаз ажәылараан дҭахеит. Сынтәа 25 шықәса ҵит Мураҭ дҳаԥхеижьҭеи. Аха аԥсуа жәлар санрылаԥшуа, аԥсҭазаара лаша ишеигәырӷьо анызбо, сгәы аԥхарра ыҵалоит, агәра згоит сԥеи, иҩызцәеи баша ишҭамхаз. Наунагӡа ари адгьыл аҟны аҭынчра ҟалааит", — лҳәоит ан.

Абаза еибашьҩы Мураҭ Куджев ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Ҩ-ҭоурыхк, ҩ-хьаак: хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара атәы

Аԥсны Аџьынџьтәылатә иабшьраан, зегь раасҭа ишьаарҵәыраз жәыларахеит хәажәкыра 15-16-тәи. Усҟан, Гәымсҭа ахықәан иҭахаз аибашьцәа рыгәҭа дыҟан аҟабарда ҷкәын Аслан Ажьгьериевгьы. Уажәшьҭа зықәра неихьоу иан Зулима, лҩызцәа дрыцны ҩаԥхьа Пицундаҟа дааит. Аԥҳәыс бырг илҳәеит Аиааира 25 шықәса ахыҵра аламҭалазы Аԥсны лыҟазаара, аныҳәа аҽалархәра еиҳау ҳамҭа шыҟам. Аслан Ажьгьериев ианашьан Леон иорден.

1993 шықәса, лаҵарамза 3 рзы Ешыра ақыҭан иҭахаз Нхыҵ-Уаԥстәылантәи иааз Герман Сидаков иахьа уажәраанӡагьы ицеибашьуаз иҩызцәа дырхамшҭӡеит. Пицунда зыԥсы зшьо иаҳәшьеиҳаб Фатима иаҳзеиҭалҳәеит, 25 шықәса шҵхьоугьы, иара иҳаҭгәын ахь ишнеиуа Аԥснытәи иҩызцәа.

"Даара агәахәара ду сымоуп, Аиааира 25 шықәса ахыҵраан Аԥсны сахьыҟазаауа. Аԥсуа жәлар срыцгәырӷьоит, ари иаҳзеиԥшу ныҳәоуп. Сара исҭахуп, уаҳа ари иԥшьоу, ҳашьцәа ршьа зхьыршу адгьыл аҟны еибашьра ҟамларц", — лҳәеит лара.

Нхыҵ-Кавказынтәи иааны иҟоу асасцәа ирхылаԥшуа Лили Ҳагԥҳа лыхәҭакахьалеи, дара рыхьӡалеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра иҭабуп ҳәа ралҳәоит, Владислав Арӡынба иаԥиҵаз аҵас еиқәырханы, уимоу иацҵо иахьаарго.

Аԥсуаа ҳзы игәахәара дууп, есышықәса иҭахаз рҭаацәа рыдкылара. 26 шықәса раԥхьа Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла, Нхыҵ-Кавказынтәи иааз ҳашьцәа ҳаваргыланы иҳалҳаршеит ҳтәыла аӷа иалцара, ахақәиҭреи, ахьыԥшымреи аагра.

Ажәабжьқәа зегьы
0