АҞӘА, жьҭаара 2 – Sputnik. Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр алахәхоит Маиҟәаԥ имҩаԥысраны иҟоу Адыга культура VIII жәларбжьаратәи афестиваль ҳәа ааицҳауеит аоркестр анапхгаҩы Денис Арухаа.
"Ҳара ҳзы ари хҭыс дууп — раԥхьаӡа акәны атәыла анҭыҵтәи гастрольқәоуп. Афестиваль аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ҳара адыга, аԥсуа мелодиақәа наҳагӡоит", — иҳәеит Арухаа.
Аԥснытәи аколлектив ықәгылараны иҟоуп Адыгеиск. Уа ақалақь Амш азгәарҭоит.
"Аколлектив зегь зцом. Аиҿкааҩцәа коллективцыԥхьаӡа иалахәу рхыԥхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа иԥыркит. Аха ҳара апрограмма иалаҳҵоит ҳмилаҭтә инструментқәа зегьы рыхәмарра", — иҳәоит иара.
Арухаа адыга-черқьес жәлар ркультура афестиваль алахәхара иазкны: хҭыс дууп>>
Денис Арухаа иазгәеиҭеит афестиваль ишалахәхо адунеи зегьы аҟынтәи адыга диаспора рхаҭарнакцәа.
"Аԥсны анҭыҵ ақәгылара аҭакԥхықәра ду аҵоуп. Ҳгәыӷуеит ахәаԥшыҩцәа ҳақәгылара ахәшьара бзиа арҭап ҳәа", — азгәеиҭоит аоркестр анапхгаҩы.
Адыга культура VIII жәларбжьаратәи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥгахоит Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәаратә, рыкәашаратә ансамбль "Исламеи" асахьаркыратә напхгаҩы, акомпозитора Аслан Нехаи 75-шықәса ихыҵра иазку аиубилеитә хәылԥазы.
Иара убасгьы аныҳәа апрограммаҿ иҟоуп афестиваль аконкурстә программақәа, аноминациақәа: "Авокал", "Ахореографиа", "Жәлар ринструментқәа" рыла.
Жьҭаара 3 рзы Т. М. Керашев ихьӡ зху Адыгатәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны имҩаԥгахоит анаука-практикатә конференциа: "Адыги: проблемы сохранения культурного наследия и этнической самобытности" атемала.
Афестиваль аан имҩаԥысуеит иара алахәылацәа амилаҭтә цәамаҭәа рышәҵаны ақалақь ралсра.
Афестиваль хыркәшахоит Аҳәынҭқарратә филармониаҟны амастер-классқәеи арҿиаратә еиԥыларақәеи рыла. Иара убри амш аҽны афестиваль алахәылацәа Адыгатәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи ирҭаауеит.