Џьопуа: ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҟны ҩеихагылак шьақәыргылахоит ашықәс нҵәаанӡа
"Нанҳәамза анҵәамҭазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит, ахԥатәи аԥшьбатәи аихагылақәа ҟаҳҵарц ҳгәы иҭоуп. Иахьатәи аамҭазы аусурақәа цоит аԥшьбатәи аихагылаҟны. Адашьма, ашә, ахышәқәа зегьы рҿыцхоит. Ауасҭацәа изларҳәо ала амза анҵәамҭазы аԥшьбатәи аихагыла иалгараны иҟоуп. Аихагылақәа рыҩбагьы иаразнак ҳазрылагомызт аҟаҵара, избанзар ахәшәтәырҭа аус ауеит, ачымазцәа аднакылоит. Ашықәс нҵәаанӡа аихагылақәа рыҩбагьы рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахозароуп", — иҳәеит Џьопуа.