Аԥсны ирӷьычыз петербургтәи абизнесуаҩ ихы дақәиҭыртәит

© Фото : sylПредприниматель Максим Яковлев
Предприниматель Максим Яковлев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Петербургтәи абизнесуаҩ Аԥсны Апрокуратура хада аҟны иҿахәы иҿыхын, аха иара ииҳәаз апрокуратураҿы ахҳәаа арымҭеит. Иара убасгьы иара аԥара ихшәаау ихшәааму атәы иалацәажәам.

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ирӷьычыз петербургтәи абизнесуаҩ Максим Иаковлев ихы дақәиҭыртәит ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны апркурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.

"Максим Иаковлев ддырхынҳәит. Иацы иара Апрокуратура хадахьы дааиит. Иҿахәы иҿыхуп. Абри ашьҭахь иара иҩныҟа дцеит. Ҳара иара дызӷьычыз ауаа рыԥшаара иацаҳҵоит", — иҳәеит Амҷба.

Петербургтәи абизнесуаҩ Аԥсны Апрокуратура хада аҟны иҿахәы иҿыхын, аха иара ииҳәаз апрокуратураҿы ахҳәаа арымҭеит. Иара убасгьы иара аԥара ихшәаау ихшәааму атәы иалацәажәам.

Максим Яковлев - Sputnik Аҧсны
Афонаа Максим Иаковлев изкны: акыр дуаҩымын, шамахамзар аӡәгьы диҿцаауамызт

Максим Иаковлев иӷьычра аус Апрокуратура хадаҿы аус адырулоит. Иара убасгьы Петербург ақалақь аҿы ашьаусҭҵаара хацыркуп.

2018 шықәса рашәара 20, асааҭ 02:30 рзы Афон Ҿыц, Максим Иаковлев дзыҩназ ауадахь инеиит зхаҭара шьақәыргылам асабардақәа зҿаз хҩык ауаа. Дара абџьарла еибыҭан.

Убри аамҭазы асасааирҭаҿы иҟаз ахьчаҩцәеи администратори роуп. Абџьар ахархәарала арҭ ауаа ршәаны ахьчаҩцәа руада иҩнаркит. Нас аномер 204 ахь ихалеит. Усҟан абри аномер аҿы дынхон Урыстәыла атәылауаҩ Иаковлев Максим Николаи-иԥа. Ацәгьоуцәа ашә ҿжәаны Иаковлев ддәылганы дыргеит.

Аамҭақәак рышьҭахь иԥҳәыс илоуит ашәҟәы, 200 миллион мааҭ аԥара еизылгарцгьы адҵа анҵаны. Ашәҟәаҿы аԥҳәыс илыдгалан аԥарақәеи лхаҵа иԥсҭазаареи реиҭныԥсахлара.

Максим Иаковлев акционертә еилазаара "Полиграфоформление" адиректор хадас дыҟан, иара убасгьы Кировтәи азауад акционерцәа реилазаара адиректорс дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0