Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Агрба Аԥсны-урыстәылатәи аусутә форум иазкны: ҳаиҿцәажәара аинтерес ду аман

© SputnikДаут Агрба
Даут Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аусура хнаркәшеит. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны "Сухум-Банк" анапхгара ахантәаҩы Дауҭ Агрба иазгәаиҭеит иара модераторс дызмаз астол гьежь уи алахәылацәа рзы аинтерес ду шамаз.

Агрба Аԥсны-урыстәылатәи аустә форум иазкны: ҳаиҿцәажәара аинтерес ду аман
"Астол гьежь зхы алазырхәыз зегьы конкретла ицәажәон. Ҳбанкқәа рхаҭарнақцәа рнапхгаҩцәа зегьы доусы зҵаарак-зҵаарак рыман. Аԥсны иаартыз Урыстәылатәи абанк шә-процентк иҟоу аҳәаанырцәтәи акапитал злахoу, даргьы ирыман азҵаарақәа. Ҳара ҳзакәани, Урыстәыла абанкқәа рзы азакәанb еиԥшны иҩуп, аха иҟоуп акәмаҵамарақәа? урҭ ахьеиԥшым. Убfрҭ ҳрылацәажәон, ҳазааҭгылеит акапитал азҵаара. Аиашазы аинтерс ду аман ҳаиҿцәажәара, иалахәыз зегьы иргәаԥхеит. Аӡәгьы дазыԥшымзт иара анбанҵәои ҳәа. Зегьыҵәҟьа ҳзаламцәажәазаргьы? ихадаз азҵаарақәа рҭак ҳауит", — ҳәа азгәеиҭеит Агрба. 

Ажәабжьқәа зегьы
0