АҞӘА, жьҭаара 14 — Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҽаҩраҭагалара иазку аныҳәа ду мҩаԥысит Лыхнашҭа, жьҭаара 14 рзы ҳәа аҭыԥантәи иаалыцҳаит Sputnik акорреспондент.
Аныҳәа еизнагеит ажәлар рацәаҩны, уи иалахәын араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны, ақыҭауаа ицәырыргеит рҿа-маҿа иҭаргалаз ахкқәа зегьы.
"Ауаа рыура зегьы ааргахьеит, иқәырҵахьеит. Ара иҟоуп аҩҿа, ашәыр-ақәыр, ауҭраҭых, адгьыл иунаҭо зегьы. Шьыбжьон акомиссиа ақыҭақәа зегьы рыхә ашьара иалагоит. Иалкаахаз ирыҭахоит аҳаҭыртә бӷьыцқәеи аҳамҭақәеи", — ҳәа еиҭеиҳәеит аныҳәа алагамҭазы Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа.
Лыхны ақыҭа — зегьы иреиҳаӡоу Аԥсны ақыҭақәа ируакуп. Анкьатәи аамҭақәа раахыс ари ақыҭа Аԥсны аҳцәа иртәарҭан, абра диит Нестор Лакоба, диит иара убас еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ Гьаргь Ӡиӡариа, уҳәа убас ирацәаҩны зыхьӡ нагоу ауаа. Ҭоурыхла Лыхнашҭаҿы ажәлар еизон акрызҵазкуа аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбаразы.
Аҽаҩраҭагалара ахыркәшара аныҳәа есышықәса Лыхнашҭа имҩаԥыргоит. Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокалтә-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит. Амилаҭ чысқәа иара абра ауаа рыла ишабо иҟарҵоит.
Аныҳәа иаҭааит Аԥсны ахадара. Аныҳәахь иааит иара убас аԥсшьаҩцәагьы маҷымкәа.