2019 шықәсазы атуристцәа ашәахтәқәа ахьрықәырҵо атәылақәа рыхьӡ ҳәоуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтраны мира. Португалия
Страны мира. Португалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҽааны атуризм бзиа избо рзы тәылақәак рҿы ашәахтә шәатәхоит.

2019 шықәса рзы атуристцәа ашәахтәшәара ахьрықәшәо атәылақәа рсиа архиеит РИА Новости.

Иапониа

Проездные документы для осуществления смешанных пассажирских перевозок - Sputnik Аҧсны
"Иаку абилеҭ" рхы иадырхәеит ҩ-нызқьҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа

Ажьырныҳәа 7 2019 шықәса рзы Иапониа атуристцәа рзы иалагалахоит атәыла алҵразы ашәахтә— 1000 иен (8,9 доллар ма 600 мааҭ). Иапониатәи амилаҭтә туристтә еиҿкаараҿы ирҳәоит ҩышықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәеи Иапониа иахьаҵанакуа уахыки-ҽнаки рыда иаанымхо ахаҿқәеи ашәахтә дыршәахом ҳәа. 

Хорватиа

Хорватиа есышықәсатәи атуристтә шәахтә шьҭырхуеит 25 процент рыла аԥхынтәи асезон азы. Ашәахтә 8-10 кун ихалоит (30 цент ма 20 мааҭ). Хорватиа атуризм аминистр Гари Каппелли иҳәоит абри ашьҭахьгьы ашәахтәеизга акыр илаҟәуп ҳәа.

Зеландиа Ҿыц

Зеландиа Ҿыц алалара зҭаху атуристцәа уажәшьҭарнахыс 35 доллар ашәахтә ршәалароуп (2300 мааҭ). Ашәахтә ршәом Австралиеи Аокеан ҭынч адгьылбжьахақәа рҿы инхои. Уажәы азакәан апроект апарламент аҿы иалацәажәоит. Иеизгахо аԥарақәа атуризм аҿиареи аекологиатә программақәеи ирзырхахоит.

Португалиа

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Гарцкиа: аԥсшьаҩцәа амшын аҟәараҿы ршәарҭадара еиҿкаатәуп

2019 шықәса инаркны португалиатәи акурорт Алгарве аҿы акурорттә сезон аан уахыки-ҽнаки 1,5 евро шәаәтхалоит. Иеизырго аԥарақәа атуристтә инфраструктура аиӷьтәра иазырхахоит.

Аԥсны

2006 шықәса инаркны Аԥсны аус ауеит акурорттә шәахтә азы азакәан. Иара ишьақәнартәоит 30 мааҭ атурист ареспубликаҿ дахьынӡаҟоу аамҭазы. Ашәахтә ԥарақәа рзырхоуп Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы атуристтә инфраструктура аҿиара. Акурорттә шәахтә аҟынтәи рхы иақәиҭтәуп 14 шықәса зхымҵыци актәии аҩбатәии агәыԥқәа ирыҵаркуа аинвалидцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0