Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза ахьӡ иалацәажәоит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународный аэропорт в Сочи
Международный аэропорт в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заанаҵы аҳаиртә баӷәаза ахьӡ иалацәажәеит Шәача, Анапа, Краснодар руаажәларратә палата алахәылацәа, Ҟәбантәи аказақцәа рыр рхаҭарнакцәа, аветерантәии аҿартәии еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҳаиртә баӷәазақәа зыхьӡ рхуҵаша ауаа рсиа шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит MaksPortal.

Атәылаҿацә апресс-маҵзураҿы адырра ҟарҵеит ақалақь-курорт аҳаиртә баӷәаза рыхьӡ ахҵахар алшоит аԥырҩы-акосмонавт Витали Севастианов ма аурыс флот акомандаҟаҵаҩ Михаил Лазарев.

Краснодартәи атәылаҿацә аҳаиртә баӷәаза аҳәынҭқарԥҳәыс Екатерина, аполководц Александр Суворов, ма аԥырҩы Евдокиа Бершанскаиа рыхьӡ ахҵахар алшоит, анапатәи— ашәҟәыҩҩы Иван Варавва ма Ан Мариа рыхьӡ ахҵахар ҟалоит ҟалоит ҳәа адыррақәа ыҟоуп.

Заанаҵы аҳаиртә баӷәазақәа рыхьӡ иалацәажәеит Шәача, Анапа, Краснодар руаажәларратә палата алахәылацәа, Ҟәбантәи аказақцәа рыр рхаҭарнакцәа, аветерантәии аҿартәии еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Асиақәа аздырхиалоит жьҭаара 21 аҟынӡа. Абҵара 7 рҟынӡа атәылаҿацә ауааԥсыра дара ргәаанагарақәа рҳәар алшоит. Абҵара 8 — 30 рзы азеиԥшмилаҭтә бжьыҭира мҩаԥгахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0