Кадыров Чечентәылеи Ингәыштәылеи рыбжьара аҳәаазы аиқәшаҳаҭра ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРамзан Кадыров
Рамзан Кадыров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 26 рзы Иунус-Бек Евкурови Рамзан Кадырови рнапы зҵарҩыз Чечентәылеи Ингәыштәылеи рҳәаазы Аиқәшаҳаҭра азинмчра аиуит аҩашазы. Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит еишьашәалоу аҵакырадгьылқәа реиҭныԥсахлара. Чечентәылеи Ингәыштәылеи Рпарламентқәа аиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәеит.

АҞӘА, жьҭаара 17 — Sputnik. Чечнтәыла ахада Рамзан Кадыров аҩ-тәылак рыбжьара аҳәаа ашьақәыргылара инамаданы аҭагылазаашьа аруадаҩра зынӡаск иҟалаӡом ҳәа азиԥхьаӡоит. Уи иаанаго аиашьаратә жәларқәа рыбжьара ахҟа абжьаҵароуп ҳәа иҳәоит Кадыров. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Чечентәылеи Ингуштәылеи Рпарламентқәа аиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәеит. Уаанӡа Ингуштәыла Аконституциатә ӡбарҭаҿы аҳәамҭа ҟарҵахьан Чечентәылеи Ингуштәылеи рҳәаазы Аиқәшаҳаҭра азинмчра аиур алшоит арегионалтә референдум анымҩаԥгахалак ашьҭахь ҳәа.

Рамзан Кадыров хынтәуп Чечентәыла анапхгаҩыс далырхуеижьҭеи - Sputnik Аҧсны
Рамзан Кадыров хынтәуп Чечентәыла анапхгаҩыс далырхуеижьҭеи

Ареспубликаҿы аҿагыларатә акциақәа рымҩаԥысра иаҿуп. Жьҭаара 8 аахыс Ингәыштәыла анапхгаратә мчрақәа Магас имҩаԥысуа амитинг рзин аманы имҩаԥысуеит.

"Иахьа, инарҭбаау ҳаилацәажәараҿы аиқәшаҳаҭра анагӡашьа ҳалацәажәон. Ҳара иаабоит абри атема рхы иархәаны аиашьаратә жәларқәа рыбжьара ахҟа абжьаҵара зҽазызшәо шыҟоу. Уи ҟалашьа змам усуп. Ачеченцәеи аингәышцәеи, џьоукы ирҭахы-ирҭахым, еишьцәоу ракәны ишыҟоу иаанхоит", — иҳәеи Кадыров асоциалтә ҳа "ВКонтакте" аҿы.

Уи адагьы Кадыров Евкуров ҭабуп ҳәа иеиҳәоит абри азҵаараҿы иааникылаз апозициазы. Кадыров иазгәеиҭеит аҳәаа ажәларқәа рыбжьара акәымкәа асубиектқәа ҩба рыбжьара шакәу ишымҩаԥгоу.

"Дарбанызаалак Ингәыштәыла атәылауаҩ Чечентәыла данааи, иҩны дыҟоушәа ибозароуп. Агәра згоит ҳгәыларатә республикаҿгьы абасеиԥшҵәҟьа агәаанагара шрымоу", — иҳәоит иара.

Кадыров дазааҭгылеит аилацәажәараҿы ишазхьаԥшыз аҳәаа иахьаԥну автомабилтә мҩақәа реиҭашьақәыргылареи рыҟаҵареи азҵаара.

Уаанӡа, жьҭаара 17 рзы Магас, Иунус-Бек Евкуров инапхгарала имҩаԥган Чечентәылеи Ингәыштәылеи рыбжьара аҳәаа азҵаарақәа ирызкыз акомиссиа аилатәара. Арегион ахада ипресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит аилатәараҿ ишалацәажәахо анормативтә актқәа аус рыдулареи ахрархәареи рызҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0